18-02-2016

Аицлабра “Ҩыџьа еинаало” ахыркәшара

news_name

Аицлабра “Ҩыџьа еинаало” ахыркәшара   

 

Жәабран 16 рзы аресторан “Ерцахә” аҿы имҩаҧган аконкурс “Ҩыџьа еинаало 2015-2016” аҿы аиааира згаз аҳамҭақәа рыҭара иазкыз аныҳәатә церемониа. Уи сынтәа ҧшьышықәсоуп ажурнал ”Свадебныи сезони” “Аҭаацәаратә мазарақәа” зыхьӡу асоциал-культуратә еизҳара Афонди  еицеиҿыркаауеижьҭеи. Аконкурс спонсор хадас иқәгылеит АҞӘАФОН.  

Ари ахәылҧаз иаҭааз асасцәа ирзырхиан аинтерес зҵаз, ирлахҿыхгаз апрограмма. Аныҳәатә усмҩаҧгатә хацыркын аҭацаагара, аҭаца ҿыц лхаҵа иҩны лыҩнагалара аазырҧшуа аҵас ҧшӡа узырбо атеатртә ҟазшьа змоу  ақәыргыламҭа “Ижәытәӡатәиу аҧсуа чара аҵас” ала.  Аныҳәа иацҵан «Sisters grace» зыхьӡу адизаинер қәыҧш Фатима Ҳаҭшукова иаҧылҵаз хәылбыҽхатәи аҵкқәа рколлекциа дырбарала. Амузыкатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны Хьыбла Мықәбеи Авто Конџьариеи инарыгӡеит  аконкурс “Ҩыџьа еинаало” азы ҷыдала акомпозитор Анри Гәымба ииҩыз ачара агимн “Ҩыџьа еиҩыршо разҟык”.   

Асааҭ 21:00 рзы ирылаҳәан “Ҩыџьа еинаало” аконкурс иалахәыз хаҵеи-ҧҳәыси рзы абжьыҭира шхыркәшоу. Имҩаҧгаз абжьыҭира алҵшәақәа ирыбзоураны,  аконкурс “Ҩыџьа еинаало” аҿы аиааира ранашьахеит Леуан Қарчааи Амина Гәымҧҳаи. Аиааира згаз рнапы иаркын аҧхьахә хада – аҧсшьара мшқәа рзы Красная полиана иҟоу асасааирҭа «SolisSochiHotel» ашҟа рдәықәҵара. Аконкурс ахыркәшамҭа аҟынӡа инеиз хаҵеи-ҧҳәыси рзгьы ажурнал “Свадебныи сезон» апартниорцәа: асахьаҭыхҩы Саид Возбеи, амоделиер Русудан Кобиаковеи, адизаинер Маргарита Ҳаҭшуковеи, аҿари аспорти рзы аҳҭнықалақьтә Комитети иаздырхиеит изыргәырҕьашаз аҳамҭақәа.

Аицлабра “Ҩыџьа еинаало” акрызҵазкуа асоциалтә ҵакы амоуп.  Уи ҳреспублика аҿар рыбжьара аҭаацәаратә мазарақәа рышьақәырҕәҕәара иацхраауеит. Апроект “Ҩыџьа еинаало” ацхыраара аҭо, АҞӘАФОН ҿыц аҭаацәара иалало аҿар рҿаҧхьа аҭакҧхықәра аизырҳара аус аҿы ахатәы лагала ҟанаҵоит, аҿар аҭаацәа рыхәшьара заҟа иҳараку  реилыркаара иацхраауеит.

«АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша