09-03-2016

Хәажәкыра 8 рзы АҞӘАФОН есышықәса имҩаҧнаго акциа

news_name

Хәажәкыра 8 рзы АҞӘАФОН есышықәса имҩаҧнаго акциа 

Жәларбжьаратәи Аҳәса Рымш – раҧхьаӡатәи ааҧынтәи ныҳәоуп. Ари амш есышықәса гәыхыҭхыҭрала иазнеиуеит АҞӘАФОН аҿы. Раҧхьатәи амобилтә оператор аусзуҩцәа имҩаҧыргоит ҷыдалатәи акциа. Уи  аҳәаақәа ирҭагӡаны хәажәкыра 8 рыдырныҳәалоит зыҧсҭазаара асоциалтә ҵак ду змоу аусура иазызкыз ҳтәыла иқәынхо аҳәса.

Ҵыҧх АҞӘАФОН ахаҭарнакцәа  ыҟан Очамчыреи Тҟәарчали, уаҟа урҭ ааҧынтәи аныҳәа хада рыдырныҳәалеит ахәыҷ баҳчақәеи ацхыраагӡатә школқәеи русзуҩцәа. 

Сынтәа АҞӘАФОН иҟанаҵаз асоциалтә акциа рзырхан аҵаратә системеи, Акультуреи, Агәабзиарахьчареи, Аҵареи рминистррақәа ирыҵаркуеи, иара убас аҵараиурҭақәеи рҿы аус зуа, Аҧсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз аҳәса-еибашьцәа.

Хәажәкыра 7 рзы Ахьӡ-аҧша аибашьратә музеи аҿы имҩаҧысит АҞӘАФОН ахаҭарнакцәеи  урҭ афырҧҳәызбацәеи реиҧылара. АҞӘАФОН аусзуҩцәа урҭ ирыдырныҳәалеит иааираны иҟоу ааҧынтәи аныҳәа, ҳамҭас ирырҭеит дасу ашәҭ шьыҵәрақәеи хҧа-хҧа нызықь мааҭ аҧара зҭаз аконвертқәеи. 

АҞӘАФОН азы хәажәкыра 8 иазку асоциалтә акциа уажәшьҭа  итрадициа бзианы иҟалеит. Уи амш азы иҟоуп алшара,  зыҧсҭазаара акрызҵазкуа аус иазызкыз, ҳтәыла иагәадуроу аҳәса ҭабуп ҳәа раҳәара, ргәалаҟазаара ашьҭыхра.  ́

 

«АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша