26-03-2015

Асоциалтә ӡыргара “Иҿыцу адунеихәаҧшышьа” Актәи афестиваль ахыркәшара

news_name

Асоциалтә ӡыргара “Иҿыцу адунеихәаҧшышьа” Актәи афестиваль ахыркәшара

Хәажәкыра 26 рзы, Лакоба имҩаду, 106 аҭыӡҭыҧ ала иҟоу ацәыргақәҵатә зал аҿы ныҳәаҵас имҩаҧысит асоциалтә ӡыргара “Иҿыцу адунеихәаҧшышьа” Актәи афестиваль ахыркәшара иазкыз аусмҩаҧгатә. Уи АҞӘАФОН ахадаратә спонсоррала еиҿнакааит Аҟәа ақалақь ахадара.

  Ари аусмҩаҧгатә анагӡараҿы партниорцәас иҟан: акомпиутертә оргтехника адәқьан “30 секунд”, ажурнал «Lady boss», АрадиоSOMA, аҧсуа маҭәа адыргақәҵа “АБГА”.  

Афестиваль “Иҿыцу адунеихәаҧшышьа” асоциалтә ӡыргара аганахьала ираҧхьатәиу ареспубликатә проектқәа  иреиуам. 1997 шықәсазы Аҧсны аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира хәышықәсахыҵра инадҳәаланы, “Зхы иақәиҭу Аҧсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла” (Баҭал Џьапуа, Ҭемыр Ҟаитан, Оҭар Мацхарашьвили) ргәыҧ алшарала, имҩаҧган асоциалтә плакат ацәыргақәҵа.   

  Сынтәа имҩаҧгаз афестиваль ишьҭнахыз амҽхак, аиҿкааҩцәа рыгәҭакы аасҭа акыр иҭбаахеит. Аусумҭақәа аарышьҭуан қәрала еиуеиҧшым афестиваль алахәцәа Аҧсны кәакьцыҧхьаӡа рыҟнытә.  Афестиваль алахәцәа рахьтә қәрала зегь иреиҵбу, 9 шықәса зхыҵуа Елина Занҭариа (Аҟәа ақ.) иаалышьҭит “Саб! Аҳауа сызхом” ҳәа зыхьӡыз аусумҭа. Қәрала зегь иреиҳабу аицлабра алахәҩы  анџьныр-аимадаҩ Даур Минџьиа (Тҟәарчал ақ., 64ш.) иусумҭа “Умыццакын” аҿы ишьҭихит амҩаҿы иҟало амашәырқәа ирыдҳәалоу апроблема.

Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысит иаарту алекциа аҧхьара. Уи мҩаҧыргеит аҳақьым-агепатолог Аелита Шьакаиеи абиологиа ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Алиса Матуеи. Урҭ иеизаз аҿар ирзеиҭарҳәеит изакәытә чымазароу авирустә гепатит, иара убасгьы ауаҩы игәабзиара дацклаҧшны ихы ныҟәигарц азы иарбан усмҩаҧгатәқәоу еиҿкаатәу.  

Жәабран 27 инаркны хәажәкыра 11 рҟынӡа имҩаҧысуаз актәи аилыԥшааратә тур алҵшәақәа рыла, ”Асоциалтә плакат” аноминациаҿы ицәыргаз 120 усумҭа рҟынтә, еиқәыршәан аицлабра алахәра ашҟа инашьҭыз 82 усумҭа рсиа кьаҿқәа. Аусумҭақәа ралхра мҩаҧган афестиваль аҧҟарақәа ирышьашәалоу акритериақәа рыла: аусумҭақәа рҿы иҟамзар акәын асахьаҭыхратә штампқәа, анегативтә ҵакы змоу адыргақәа. Аусумҭақәа рышҟа иҟаз азыҳәарақәа: дыррала еиқәыршәоу акомпозициа, зыҧхьара маншәалоу,  имарианы иугәалашәо, аӡыргаратә цәаҳәа амҽхакыра. Афестиваль ацәыргақәҵатә композициа шьақәгылан Афестиваль аартра аан ахәаҧшцәа идырбаз 71 усумҭа рыла. 

Хәажәкыра 20 инаркны 25 рҟынӡа ажиури имҩаҧыргеит аусумҭақәеи аидеиақәеи авторцәа рхаҭақәа иахьынӡартәу ахәшьара аҭара (аплагиат ыҟоу иҟаму, иара убас  даҽа џьоукы равтортә зинқәа реилагара аҭыҧ амоу иамаму аилкаара азыҳәан). 

Аноминациа “Асоциалтә видеоролик” ахкы аҿы иреиҕьу ҳәа иалхын Асҭамыр Кәыҵниа (31 шықәса, Аҟәа ақ.) иусумҭа. Уи темас иалихит иааҳакәыршаны иҟоу аҧсабара аҟьашьра иадҳәалоу апроблема.

Аноминациа “Асоциалтә плакат” ахкы аҿы Афестиваль ажиури иҟарҵаз аӡбарала, иреиҕьуп ҳәа иазгәаҭаны актәи аҭыҧ еицрыҭан иаразнак ҩыџьа алахәцәа русумҭақәа -  Асҭанда Ҷыҭанааи (20 шықәса, Очамчыра ақ.) Ҭемыр Аҩӡбеи (21 шықәса,Ешыра ақ.). Ажиури иазгәарҭеит аҭаҭын иахо аҿар ирыдҳәалоу апроблема иазкыз Асҭанда Ҷыҭанаа лусумҭа иҳараку профессионалтә ҩаӡарала ишынагӡаз. Ҭемыр Аҩӡба иплакат азкын ҳаамҭазтәи аҧсуа уаажәларраҿы зегь реиҳа иҵару, актуалра зҵоу апроблема – анаркоманиа.

Афестиваль мҩаҧысуанаҵы “Иҿыцу адунеихәаҧшышьа” аофициалтә саит аҿы ицон абжьыҭира – “Ахәаҧшцәа иргәаҧхаз иаҧхьахә” аноминациаҿы аиааира зго иалкааразы. Ахәаҧшцәа ргәаанагарала, иреиҕьу усумҭаны иалкаан, зегь реиҳа абжьқәа рацәаны еизызгаз, Беслан Адлеиба (31 шықәса, Аҟәа ақ.) иплакат “Ашьцылара бааҧсқәа ириааиуеит аспорт”. Автор ишазгәеиҭаз ала, ари аплакат аспорттә школқәеи иара убас абжьаратә школқәеи рзыҳәан ҷыдала иҟаҵан. Уи хадарала изызку акоуп – иааиҧмырҟьаӡакәа аспорттә ҽазыҟаҵарақәа ҳҿар ишрыларааӡо иҵоуроу, амчхаратә ҟазшьақәа. 

Хәажәкыра 26 рзы имҩаҧысит Афестиваль официалла ахыркәшара. Уаҟа аицлабра аноминациақәа зегьы рҿы  аиааира згаз иранаршьеит аҧхьахәқәа.  

Афестиваль “Иҿыцу адунеихәаҧшышьа” ахы аанарҧшит адизаин аганахьала аҿарацәеи аҧышәа змоу аҟазацәеи рпрофессионалтә еицәажәара ахьымҩаҧысуа ҭыҧны, иара убасгьы аӡыргара ус аҿы зхы аҧышәара зҽазызкуа аҿар ридеиақәа  раларҵәаразы иреиҕьӡоу лшараны иҟалеит.

 

«АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша