06-03-2015

АҞӘАФОН аҟнытә ааҧынтәи акциа

news_name

АҞӘАФОН аҟнытә ааҧынтәи акциа

Хәажәкыра 8 рзы Амаҵзуратә Ҭыԥқәа зегьы рҿы ихацыркхоит  “Ааҧынтәи акциа”!

Уи акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны хәажәкыра 8 инаркны 30 рҟынӡа АҞӘАФОН Амаҵзуратә Ҭыԥқәа рҿы дарбанзаалак абонент 4G-амодем  50% ахә агырханы аахәара илшоит.

Уажәшьҭа амодем ахә 1000 мааҭ рҟынӡа илаҟәуеит.

4G-амодем  50% ахә агырханы, ахәхшәааратә планқәа: “Лимитдатәи Аинтернет 1250”, “Лимитдатәи Аинтернет 1750”, мамзаргьы «Сара салхымҭа 4G»  аахәараан Шәара шәмодем ахә 900 мааҭ рҟынӡа илаҟәуеит!

Уи мацарагьы акәым!

Хәажәкыра 8 инаркны АҞӘАФОН аҿы SIM-карта 3G  SIM-карта  4G ала аҧсахра  - хәыда-ҧсада иалдыршоит! Ҳара ҳхеидкыла абонентцәа рзы ааҧын, аимадара АҞӘАФОН амаҵзурақәа еиҳагьы иманшәаланы, еиҳагьы имарианы иҟазҵо, ажәабжь бзиақәа рыла иалагеит. 

 

«АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша