27-02-2015

ИАЕ «АҞӘАФОН-GSM» аофициалтә ҳәамҭа

ИАЕ «АҞӘАФОН-GSM» аофициалтә ҳәамҭа

Нидерланды иҟоу, SIM-картақәа рҭыжьразы адунеи аҿы зегь иреиҳау ахеидкыла Gemalto асерверқәа рыҧҽра иазкны адунеитә таблоидқәа иҟарҵаз адыррраҭара инадҳәаланы, АҞӘАФОН официалла аҳәахьа ҟанаҵоит иахьатәи аамҭазы  «АҞӘАФОН-GSM» азы SIM-картақәа аазышьҭуа рсиаҿы ахеидкыла Gemalto шарбам ала.    

Ҳара ҳхеидкылақәа уаанӡа аус еицыруан, аха « АҞӘАФОН-GSM» азы иҭрыжьуаз SIM-картақәа зегьы ҷыдала Москва ақалақь аҿы иҟоу Gemalto ахатәы зауад аҿы акәын иахьҭрыжьуаз. Уи Нидерланды иҟоу ари ахеидкыла DATA-ацентрқәа ирыдҳәалам. Уи инаҷыдангьы, АҞӘАФОН-и Gemalto-и русеицура аетапқәа зегьы, «ацаҧхақәа» ҳәа изышьҭоу реимдара (даҽакала иуҳәозар, SIM-картақәа ирыҵаркуа адыррақәа) мҩаҧысуан зыҩаӡара ҳараку ашәарҭадара алзыршо аҧҟаррақәеи аметодқәеи рхархәарала. «Ацаҧхақәа» АҞӘАФОН ианрыҭахалак ашьҭахь Gemalto асерверқәа рҟынтә адыррақәа зегьы шынеибакәу ианырхуан.     

Аҵыхәтәаны, иаҳҭахуп ҷыдала ахшыҩзышьҭра азыжәурц АҞӘАФОН еснагь иаанахәо - асертификациа змоу, санкциада зҭалара алымшо, уи аҟнытә ибзиаӡаны ихьчоу апрофильтә маҭәахәқәа шракәу.  Убриазы АҞӘАФОН абонентцәа зыцәшәаша ҳәа изакәызаалак мзызк ыҟам. 

 

«АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша