21-07-2015

Аҟәа имҩаҧысит иухамышҭуа аплиажтә хәылҧазы – АҞӘАФОН Party!

news_name

Аҟәа имҩаҧысит иухамышҭуа аплиажтә хәылҧазы – АҞӘАФОН  Party!

Ҧхынгәы 18 рзы ари аҧхынразы раҧхьаӡа акәны Аҟәа имҩаҧган ахәылҧаз – АҞӘАФОН Party!

Уи амш азы аплиаж Мокко иаарту ажәҩан аҵаҟа еиҿкаау кәашаратә зал дуӡӡак иеиҧшны иҟалеит. Ҳтәылауаа АҞӘАФОН ҳамҭас ирнаҭеит ирхамышҭуа, амузыкеи акәашарақәеи рыла иҭырҭәааз ахәылҧаз.

Ахәылҧаз аалыртит уи амҩаҧгаҩ, ТНТ аканал аҿы ахәаҧшцәа ирылаҵәахьоу апроект «Comedy Баттл» дахьалахәу иабзоураны ибзианы ирдыруа Амина Аҩӡба.

Аҧхынра лаша иарҿио агәалаҟазаара ҷыда аҧырҵеит  Урыстәылатәи аклубқәа иреиҕьу «Soho Rooms»  арезидент  DJ A.G. (Aslan Gulia) итрекқәа, иара убасгьы Раҧхьатәи амобилтә еимадара ари ахәылҧаз асасцәа зегьы ирыднагалоз  аҧхынтә коктеильқәа.

Аха зегь реиҳа емоциала ушьҭызхуаз акакәны иҟалеит ахәылҧаз хедлаинерцәас иҟаз, зытрекқәеи зыклип ссирқәеи рыла Урыстәылатәи ахит-парадқәа зтәызтәхьоу агәыҧ «Burito» ақәгылара. Урҭ рконцерт анымҩаҧысуаз аамҭа зегьы афронтмен Garri BURITO иеиҧш, егьырҭ агәыҧ алахәцәа зегьы  ашәацыҧхьаӡа ланарҧшыратә қәгылараны иҟарҵон, иара уи алагьы азыӡырҩцәа уамашәа ргәалаҟазаара шьҭырхуан.

Агәыҧ азы ари раҧхьатәи ныҟәаратә гастрольқәан, дара артистцәа рхаҭа ражәақәа рыла, Аҟәатәи ахәаҧшцәа рҧылара урҭ ҷыдала иахӡыӡаауа рҽазыҟарҵон.  «Burito» алахәцәа џьшьарала ирыдыркылеит Аҧсны заҟа иҧханы ирҧылаз, ашәацыҧхьаӡа заҟа гәахәарыла ирыцырҳәоз!

«Burito» ақәгылара ашьҭахь  аныҳәа асасцәа зегьы ирзыҧшын DJ A.G. иҟынтәи даҽа сетк. Иреиҕьу акәашаратә платформақәа рҿеиҧш,  ушьамхы уҵзырҧраауа ахитқәа, ицқьоу абжьы  киловатт рацәала,  алашаратә шоу уҳәа ари ахәылҧаз алахҿыхреи агәалаҟазаара бзиеи ирҭыҧ хаданы иҟарҵеит.

Уи ахәылҧазы АҞӘАФОН асасцәа ирынаҭаз аемоциа лашақәеи амузыкатә гәыцых-цыхреи мацара ракәым. Ахәылҧаз аҟныҵәҟьа имҩаҧган аицлабра, уи аҿы иаиааиз асцена аҟны иҭан архәмарра ҳамҭас иазҧхьагәаҭаз  асмартфон iPhone 6.

АҞӘАФОН Party хыркәшан Раҧхьаӡатәи амобилтә оператор агимни, ҧшшәы рацәала ихыркыз афеиерверки рыла. Уи иалахәызгьы акыраамҭа ирҭахымызт аиҧырҵра.

 

«АҞӘАФОН-GSM»  адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша