05-11-2015

Агәыҳалалратә Ауаажәларратә Еиҿкаара “Кьараз” аофициалтә партниорс иамоуп – АҞӘАФОН

Агәыҳалалратә   Ауаажәларратә Еиҿкаара “Кьараз” аофициалтә партниорс иамоуп – АҞӘАФОН

2015 шықәса,  мшаҧы мзазы Аҟәа иаҧҵан, зусураҿы  ҳреспублика иқәынхо  аҭаацәара ҕарқәа  рыцхыраара хықәкы хадас измоу,  Агәыҳалалратә Ауаажәларратә Еиҿкаара “Кьараз” 

Ари аиҿкаара аҧҵан зматериалтә бзазара уашәшәыроу  аҭаацәарақәа лассы-лассы ацхыраара рызҭоз гәыҧҩык ауаа ргәаҳәарала, урҭ  рылшарақәа еибыҭаны русура амҽхак арҭбааразы, иара уи иабзоурангьы,  ацхыраара зырҭо аҭаацәарақәа рхыҧхьаӡара еиҳа аиҳатәра алыршаразы.  

Агәыҳалалратә Ауаажәларратә Еиҿкаара “Кьараз” еиҳабыс дахагылоуп Кама Гоҧиа-ҧҳа.

Ауаажәларратә еиҿкаара “Кьараз” аус ауеижьҭеи рацәак шымҵуагьы, уи абзоурала имҩаҧысхьеит акымкәа-ҩбамкәа қәҿиарала иалыршахахьоу акциақәа, урҭ ирылҵшәаны жәаҩыла аҭаацәарақәа аматериалтә цхыраара рзыҟаҵан. 

Убас, аҵара шықәс ҿыц аламҭалаз, ари аиҿкаара ихацнаркит иҕару аҭаацәарақәа рҟнытә актәи акласс ашҟа зшьапы еихызгаз ахәыҷқәа ашкол азы реиқәыршәараҿы рыцхыраара иазкыз акциа “Насыҧла иҭәу сентиабр акы”. Ари акциа амҩаҧгара иалҵшәаны, 50-ҩык актәи акласс ахь ицаз хәыҷқәа рзы еизган ашколтә комплектқәа: акаламқәеи, атетрадқәеи, акарандашьқәеи,  ашәыгақәеи уҳәа егьырҭ ашколтә маҭәарқәа рыла еиқәыршәаз ашәырақәа. Иара убас сынтәа цәыббра мзазы “Кьараз” еиҿнакааит “Аҧснытәи ақьырсиантә баҟақәа” зыхьӡыз афотоҭыхымҭақәа рцәыргақәҵа-ҭира. Уи мҩаҧысит Аҟәа иҟоу Москватәи акультура-устә центр “Москватәи аҩны” аҿы. Уи ацәыргақәҵа шьаҭас иаиуит VI-XIX ашәышықәсақәа ирыҵаркуа ақьырсиантә архитектуратә баҟақәеи XIV- XX ашә. алагамҭеи иртәу аҭыӡсахьақәеи ирызку афотографиақәа. 

Ари ахҭыс аспонсорра ахахьы иагеит ахеидкыла АҞӘАФОН.

Имҩаҧгаз ацәыргақәҵа-ҭира иабзоураны еизган ахшара рацәа змоу, социалла ихьчам аҭаацәарақәа рзы аҧара.

Ҳазну амзазы Аҧсны раҧхьатәи амобилтә оператор Агәыҳалалратә Ауаажәларратә Еиҿкаара “Кьараз”  аофициалтә партниорс иҟалеит. Убри нахыс, есымза  ари аиҿкаара аофис аусура аиҿкааразы хықәкылатәи  аҧара азоунашьҭуеит. 

Жьҭаара  16 инаркны   18 рҟынӡа  ААЕ "Кьараз" ихацнаркит “Агәы аҧхарра” зыхьӡу  акциа ҿыц. Уи хықәкыс иамоуп Аҧсны ахшара рацәа змоу аҭаацәарақәа рзы амаҭәа ҧхақәа реизгара. Ари аиҿкаара аусзуҩцәеи хатәгәаҧхарала уи иацхраауа ауааи еигәырҕьо иџьаршьоит ацхыраара ҟазҵарц зҭахыу ауаа рхыҧхьаӡара абасҟак иахьырацәоу. Уи иабзоураны ари акциа аханатә иазыҧҵәаз аҿҳәарақәа рҳәаа акыр иҭыҵит.

АҞӘАФОН аусзуҩцәагьы уи акциа рхы аладырхәит. Мышқәак рыҩныҵҟала еизган амаҭәақәа зҭаз жәабала  апакетқәа, абзазаратә техника, ачысмаҭәа. Урҭ зегьы иззеизыргаз аҭаацәарақәа ирыҭан.

Агәыҳалалра – изҩыдоу, згәы былуа ауаажәларра ирҷыда ҟазшьоуп.  ААЕ “Кьараз” акциақәа рымҩаҧгараан ҳажәлар хатәгәаҧхаралатәи активра иаадырҧшыз азин ҳанаҭоит, ҳауаажәлар рсоциалтә еизҳара аҩаӡара шыҳараку атәы ҳацәымҩашьо иаҳҳәартә еиҧш  . Уи азы шаҳаҭра зуа акакәны иҟоуп агәыҳалалратә усура зхы алазырхәуа ауаа рхыҧхьаӡара есымшааира аизҳара, уи амҽхак арҭбаара. 

 

«АКӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша