16-02-2015

Аицлабра “Ҩыџьа еинаало” аихшьаала

news_name

Аицлабра “Ҩыџьа еинаало” аихшьаала

           Жәабран 15 рзы АҞӘАФОН ахадаратә спонсоррала аресторан “Ерцахә” аҿы имҩаҧысит аицлабра “Ҩыџьа еинаало” алахәцәеи аиааира згази  аҧхьахәқәа рыҭара иазкыз аныҳәатә хәылҧазы. Аицлабра еиҿызкааз – ажурнал “Ачарақәа раамҭа” иара убас асоциал-культуратә еизҳара афонд “Аҭаацәаратә мазарақәа” асасцәа рзы идырхиеит аинтерес зҵаз амузыкатә  гәырҿыхаратә программа.

   Аресторан асцена аҟнытә еизаз  асасцәа бзиа еибабо рымш рыдырныҳәалон Хьыбла Мықәбеи, Авто Конџьариеи, Џимми Шәманиеи, Ильда Қәычбериеи, иара убасгьы аресторан “Ерцахә” амузыкарҳәаҩцәеи.

       «АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша аҟнытә адныҳәаларатә ажәа лҳәеит уи анапхгаҩы Гета Арӡынба.  Уи ҷыдала иазгәалҭеит апроект “Ҩыџьа еинаало” ицәырнаго аидеиақәа ирыҵаркуа: “Аилибакаареи ҳаҭыр еиқәҵареи  - абарҭ амазарақәа роуп зыда аҭаацәара ҕәҕәа шьақәгылашьа змам,  насыҧла инхо-инҵуа иарбан ҭаацәаразаалак  рмазара шьаҭас иамоу. Иахьа аицлабра иалахәыз 18 ҭаацәара  - ҳара ҳзы убас еиҧш аизыҟазаашьа змоу, иҿырҧшыгоу ҭаацәарақәоуп! Ҳхеидкыла  ахьӡала, АҞӘАФОН аусзуҩцәа зегь рыхьӡала ҿыц аҭаацәара аҧызҵаз ишәзеиҕьасшьоит убри аҿыцра еиқәшәырхарц шәыҧсҭазаара зегьы, ақәра рацәа нышәҵырц, иҧшӡазарц шәызнылаз аҭаацәаратә ҧсҭазаара!”

     Анаҩс аныҳәа асасцәа ирзыҧшын аҧхьахәқәеи аҳамҭақәеи рацәаны изцыз, аинтерес зҵаз, илахҿыхыз аицлабрақәа, апроект иалахәыз рӡыргара, иара убас адизаин-студиа «Persona» аҟнытә  адизаинер Фатима Хаҭшукова лколлекциа “Лассы-лассы иуҧымло ашәҭқәа” дырбара.

     Асааҭ 21:00  рзы ихыркәшан абжьыҭира, уи ашьҭахь аныҳәа амҩаҧгаҩ Анна Гиурегиан  ирылалҳәеит аицлабраҿы аиааира згаз,  1626-ҩык ахәаҧшцәа рыбжьқәа зырҭаз Викториа Гогәуаҧҳаи Леонид Бганбеи рыхьӡқәа. Ахәылҧаз асасцәа  акыраамҭа еихымсыҕьуаз напеинҟьарала ирыдыркылеит иаиааиз аҭаацәара ҿа рнапы иаркыз аҧхьахә хада – Ҭырқәтәылаҟа аромантикатә ныҟәага шәҟәы. Аицлабраҿы аиааира згаз аҩыџьа АҞӘАФОН аҟнытә ҳамҭас ирырҭеит АҞӘАФОН аспонсорра ала жәабран 25 рзы имҩаҧысраны иҟоу игәырҿыхгоу аиумортә хәылҧазы  «Smile Show» ашҟа ааҧхьаратә билеҭ. Иҷыдоу аҧхьахәқәа рзыҧшын аицлабра егьырҭ алахәцәагьы – шхәала амшынтә ныҟәара, Афон Ҿыц  ақалақь асасааирҭа ”Грифон” аҿы аҧсшьаратә мшқәа рымҩаҧгара, аҳамҭатә сертификат амоделиер Русудан Кобиаковеи адәқьан “Комильфо” рҟнытәи, иара убас АҞӘАФОН аҟнытә акорпоративтә аалыҵқәа реизга. Ахәылҧаз ахыркәшамҭазы асасцәа зегьы ирзыҧшын  «Dolce Vita» акондитерцәа ирыздырхиаз аҳамҭа – аицлабраҿы иаиааиз рчара аҟнытә асахьақәа зныз аныҳәатә торт. Абасала ихыркәшан иалахәыз зегьы  агәалаҟара бзиеи аныҳәа агьамеи рзынзыжьыз  ари ахәылҧаз.

АҞӘАФОН   еснагь иадгылоит уаанӡа иаҧҵамыз, иҿыцу апроектқәа. “Ҩыџьа еинаало”  - макьана зынӡа иҿыцу еицлаброуп, аха уажәнатәгьы иаиухьеит изгәаҧхо, бзио избо адгылаҩцәа. Уи макьаназы аҭаацәаратә мазарақәа алазырҵәо, аҭаацәара ҿыцқәа рӡыргара хықәкыс измоу проект заҵәны иҟоуп Аҧсны.

«АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша