09-02-2015

АҞӘАФОН аспонсорра азнауеит аицлабра «Ҩыџьа еинаало» амҩаҧгара

news_name

АҞӘАФОН аспонсорра азнауеит аицлабра «Ҩыџьа еинаало» амҩаҧгара

АҞӘАФОН аспонсортә цхыраарала жәабран 15 рзы иҟалоит аицлабра “Ҩыџьа еинаало” афинал амҩаҧгара иазку аныҳәа. Уи еиҿкаан “Аҭаацәаратә мазарақәа” зыхьӡу асоциал-культуратә ҿиара афонди  ажурнал  “Ачаратә сезони” русеицурала.

Уажәшьҭа хынтәуп ажурнал “Ачарақәа раамҭа” имҩаҧнагоижьҭеи ари аконкурс.  Ҿыц еибагаз хаҵеи-ҧҳәыси рахьтә  иреиҕьӡоу алыркаауеит Аҧсны иқәынхо ауаа ргәаанагара ала.

Сынтәа ари аицлабра рҽаладырхәит ҿыц еибагаз 18 ҭаацәара. Аицлабра хацыркын 2014 шықәса ҧхынҷкәын 5 рзы. Уи хыркәшахоит аныҳәа анымҩаҧгахо амш азы – сынтәа,  жәабран 15 рзы. Ари аамҭа аҩныҵҟала Аҧсны амобилтә операторцәа рхархәаҩцәа зегьы ирымоуп алшара, иргәаҧхаз аҭаацәара қәыҧш рномер анҵаны икьаҿу аномер 3007 ашҟа SMS-дырраҭарақәа рышьҭра. Аромантикатә ныҳәа инақәыршәаны, аицлабра ахыркәшаратә церемониаҿы ирылаҳәахоит ахархәаҩцәа рыбжьқәа еиҳаны изауз, иаиааиз хаҵеи-ҧҳәыси рыхьӡқәа. 

Иара убас ари аныҳәа асасцәа рзы имҩаҧгахоит аҧсуа естрада артистцәа рықәгылара, аинтерес зҵоу аицлабрақәа, Валентина Ваганова лтематикатә фотоцәыргақәҵа, иара убас  адизаин-студиа «Persona» амодатә рбара.

Аицлабра “Ҩыџьа еинаало” акрызҵазкуа социалтә цәырҵроуп. Уи хықәкыс иамоуп ҳаамҭазтәи ауаажәларратә еилазаараҿы аҭаацәара атема шхадаратәу азгәаҭара. АҞӘАФОН адгылоит аҭаацәаратә мазарақәа рырҕәҕәара, иара убасгьы аҭаацәара ҿыц иалало  ҳажәлар рҿаҧхьа ирымоу аҭакҧхықәра аизырҳара иацхраауа ари апроект.

«АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша