13-03-2015

4G-амодем HUAWEI Е3372s уажәшьҭа аҭирҭақәа рҿы иҟоуп

news_name

4G-амодем HUAWEI Е3372s уажәшьҭа аҭирҭақәа рҿы иҟоуп

2015 шықәса хәажәкыра 13 инаркны шәыццакы АҞӘАФОН абонентцәа Рмаҵзуратә Ҭыпқәа зегьы рышҟа -  иеиқәҷабу, иеиҿкаау 4G-амодем HUAWEI Е3372s  аахәаразы. 

Акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны 2015 шықәсазы  хәажәкыра 8 инаркны мшаԥы 30 рҟынӡа  АҞӘАФОН Амаҵзуратә Ҭыпқәа рҿы 4G-амодем шәыхәҳарц шәылшоит  50% ахә агырханы. 

Шәара ишәылшоит иаашәхәарц 4G-амодем HUAWEI Е3372s хазы, мамзаргьы ахәхшәааратә планқәа: ”Лимитдатәи аинтернет 1250”, иара убас “Лимитдатәи аинтернет 1750”, “Сара салхымҭа  4G” ркомплектқәа ирыцҵаны.  

4G-амодем HUAWEI Е3372s ахә:

4G-амодем HUAWEI Е3372s ахәхшәааратә план ацымкәа - 2000 мааҭ (акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны – 1000 мааҭ).