26-08-2015

Очамчыра имҩаҧысит ҳаамҭазтәи Аҟазареи, Акультуреи, Арҿиареи ирызкны Раҧхьатәи Жәларбжьаратәи аҿар рфестиваль "Guenos"

news_name

Очамчыра имҩаҧысит ҳаамҭазтәи  Аҟазареи, Акультуреи, Арҿиареи ирызкны Раҧхьатәи Жәларбжьаратәи аҿар рфестиваль "Guenos"

Нанҳәа 23 инаркны 25 рҟынӡа АҞӘАФОН ахадаратә спонсоррала Очамчыра ақалақь аҿы имҩаҧган Аҟазареи, Акультуреи, Арҿиареи ирызкны Раҧхьатәи Жәларбжьаратәи аҿар рфестиваль "Guenos".

Афестиваль еиҿыркааит Очамчыра араион Ахадара иатәу аҿари аспорти русқәа рзы Акомитети Ауаажәларратә еиҿкаара «Аҿар рцентр «Guenos»-и.

Афестиваль амҩаҧгара хықәкы хадас иаман  еиуеиҧшым атәылақәа рҟнытә еиуеиҧшым акультурақәа ирылааӡоу аҿар реиҩызара арҕәҕәара.

Афестиваль рҽаладырхәит Аҧсни, Урыстәылеи, Ҭырқәтәылеи, Алада Уаҧстәылеи рҟнытә  акәашаратә коллективқәеи, авокалистцәеи, амоделиерцәеи, асахьаҭыхыҩцәеи. Хымш рыҩныҵҟа Очамчыра Акультуратә Хан аҩныҵҟа аконкурс иалахәыз  ахәаҧшцәа ирызцәырыргон еиуеиҧшым атәылақәа рҟны инхо ажәларқәа рмилаҭтә культуреи рҟазареи.

Афестиваль ажиури иалан аҧсуа естрада артистцәа Хьыбла Мықәбеи Авто Конџьариеи, зхы иақәиҭу  Аҧснытәи асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла АРТ  алахәыла, адизаинер Марианна Амҷба, Аҧсны асахьаркыратә Еидгыла алахәцәа Сергеи Хьыббеи Александр Данченкои.

Ажиури ахантәаҩыс дыҟан Аҧсны акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩы, И.Е. Кортуа ихьӡ зху жәлар рырҿиара Ареспубликатә Центр аиҳабы – Нури Кәарҷиа.

Ихьыҧшым ажиури иалахәылцәан,  ауаа аамсҭашәақәа ирызку арепортажқәа ҟазҵо, имодоу акорреспондент Леуан Ҭодуеи  “Москва Аҩны”  аиҳабы Зоиа Баутинеи.

Афестиваль раҧхьатәи амш рызкын амилаҭтә традициеи акультуреи. Афестиваль аҩбатәи мшы аан темас иҟан  ҳаамҭазтәи акультура. Афестиваль хыркәшан Аҧсны ахьыҧшымра азхаҵара Амш иазкны инарҭбааны еиҿкааз агала-концерт ала. Афестиваль аркра амш азы еилкаахеит аиааира згаз рыхьӡқәагьы.

Иреиҕьу акәашаратә коллективқәа ҳәа иалкаан:

  • Жәлар рыкәашаратә ансамбль “Абжьыуаа”, Очамчыра ақ. Асахьаркыратә напхгаҩы – Аҧсни Алада Уаҧстәылеи зҽаҧсазтәыз артист Вианор Логәуа.
  • Ансамбль «KODANS», Аҟәа ақ. Анапхгаҩы – Арина Аҭәмаа.
  • Аҿар рфольклортә ансамбль “Ахьышьҭра”, Гагра ақ. Анапхгаҩцәа – Есма Џьниеи Саида Гәынбеи.

Анагӡаҩцәа ҿарацәа рҟнытә иреиҕьқәоу ҳәа иалкаан:

  • Аида Смыр, Афон Ҿыц ақ. А.Чычба ихьӡ зху Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа астудентка.
  • Беслан Сымсым, Гәдоуҭа ақ. А.Чычба ихьӡ зху Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа астудент.

 Иреиҕьу амоделиерцәа ҳәа иазхаҵан:

  • Мадина Ҷанба, Аҟәа ақ.
  • Мака Коҷал-иҧа, Аҟәа ақ.

Асахьаҭыхыҩцәа рыбжьара аҧыжәара лгеит:

  • Амра Чычба, Аҟәа ақ. А.Чачба ихьӡ зху Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа астудентка. Лнапхгаҩы – Руслан Габлиа.

Аибашьра ашьҭахь раҧхьаӡа акәны Очамчыра иаднакылеит Жәларбжьаратәи афестиваль. Уи анхыркәшаха ашьҭахь гәыҩбарак ҟамҵакәа иуҳәар алшоит уи ҩаӡара ҳаракыла имҩаҧысит ҳәа. Афестиваль аиҿкааҩцәа ргәы иҭоуп ҳаҧхьаҟа уи агеографиа арҭбаара, агәыҕрагьы рымоуп Аҟазареи, Акультуреи, Арҿиареи ирызкны Раҧхьатәи Жәларбжьаратәи аҿар рфестиваль "Guenos" Аҧсны акультуратә ҧсҭазаара иузаҟәымҭхо иҟалап ҳәа.

«АҞӘАФОН-GSM»  адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша