07-08-2015

Аоператә шәаҳәаҩцәа ҿарацәа рконцерт "Grand Opera Gala"

news_name

Аоператә шәаҳәаҩцәа ҿарацәа рконцерт "Grand Opera Gala"

Нанҳәа 10 рзы С. Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр ахыбраҿы имҩаҧысраны иҟоуп Аҧсны зҽаҧсазтәыз артист Давид Терзиан напхгара зиҭо Аҳәынҭқарратә камертә оркестр злахәу  аҧсуа оператә шәаҳәаҩцәа ҿарацәа рконцерт - "Grand Opera Gala".

Аконцерт информациатә партниорс иҟоуп – Аилахәыра АҞӘАФОН.

Аконцерт рҽаладырхәраны иҟоуп қәрала иҿарацәоу, аха зыҧсадгьыл аҿы зҟазара бзианы ирдыруа, Урыстәыла иреиҕьу амузыкатә ҵараиурҭақәа ирылгахьоу, иара убасгьы урҭ рҿы аҵара зҵо артистцәа: Алхас Ферзба (абас), Нана Черқьезиа-ҧҳа (асопрано), Армен Хачатуриан (абаритон), Елена Анқәаб-ҧҳа (асопрано), Баҭал Сақаниа (атенор), Кристина Ешба (асопрано), Асҭамыр Кәыҵниа (атенор), Альдона Цкәуа (асопрано), Саид Гобечиа (абаритон).

Аконцерт "Grand Opera Gala" ахәаҧшцәа ирнаҭараны иҟоуп акыраамҭа ирхамышҭуа авокалтә хәылҧазы, абаҩхатәра злоу анагӡаҩцәа ҿарацәа рыбжьы хааи адунеитә классика иреиҕьу аҧҵамҭақәеи.

«АҞӘАФОН-GSM»  адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша