31-07-2015

Апроект “Аҧсны ашьхара/Ашықәс аамҭақәа” аҧхынтәи аетап хацыркуп

news_name

Апроект “Аҧсны ашьхара/Ашықәс аамҭақәа” аҧхынтәи аетап хацыркуп

2015 шықәса жәабран мзазы АҞӘАФОН ахадаратә спонсоррала ихацыркын апроект “Аҧсны ашьхара/Ашықәс аамҭақәа”. Ари аспонсорра раҧхьатәи усеицурам АҞӘАФОНи апроект автор Ҭенгьиз Ҭарбеи рзы. Ҧшьышықәса уажәаҧхьа АҞӘАФОН адгылеит анаҩс уи миллион рацәала аудиториа зымҽхазкыз проект  дуны иҟалаз автор ҿа раҧхьатәи ишьаҿақәа. 

Апроект “Аҧсны ашьхара/Ашықәс аамҭақәа”  иаиуит инарҭбаау аинформациатә дгылара  Аҧсны аҩныҵҟеиҧш, уи анҭыҵгьы. Уи Урыстәыла хадара зуа ателехәаҧшратә информациатә каналқәа руакы – уахыки-ҽнаки еиҧмырҟьаӡакәа аус зуа “Моя планета” ала иддырбоит.      аинформациатә агентра  «РИА Новости» http://ria.ru/abkhazia_mountains/ .

Жәабран инаркны мшаҧынӡа  апроект “Аҧсны ашьхара/Ашықәс аамҭақәа” аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧган Аӡын-Ааҧын аетап иатәыз аекспедициақәа ҧшьба. Урҭ акакала рызегьы иуникалтәқәоу ҳәа рзуҳәар алшоит. Апроект иалахәу ркоманда неит ахалара уамашәа иахьыуадаҩу Аҧсны ашьхақәа рҿы: Ауадҳара адәҳәыҧш, Ҕрыбза акаршәра, Ҧыжә агәаҩара, Бомбеи иашҭа. Аӡынтәи аекспедициа етапкцыҧхьаӡа акоманда иалахәыз арратә вертолиотла инеираны иахьыҟаз аҭыҧ аҿы идыртәон.

Имҩаҧгаз аекспедициақәа ирылҵшәаны  ишьақәыргылан  аӡынтәи аамҭазы  Аҧсны ашьхаратә  раионқәа рметеорологиатәи, ргидрологиатәи, рҳауатәи аҷыдарақәа ирызкны  аекспертә информациа, иҟаҵан   иблахкыгоу Аҧснытәи ашьха ҳаракқәа рыҧшӡара адунеи зегь иазаазыртыз афотоҭыхымҭақәеи авидео-мшынҵақәеи.

Иара  убас асоциалтә ҳа Facebook аҿы апроект аофициалтә даҟьа аҟны икьыҧхьын реиҳа иинтересыз аекспедициатә хҭысқәа аазырҧшуаз адәнытә мшынҵа аграфикатә иллиустрациақәа.

https://www.facebook.com/groups/HighlandAbkhazia/?fref=ts

Ҧхынгәы 28 рзы ихацыркхоит апроект аҧхынтәи аетап. Уи аетап аҟны “Аҧсны ашьхара” иалахәу акоманда иазҧхьагәаҭаны ирымоуп хә-експедициак рымҩаҧгара: ашьхатә массив Чаадым аҩадаратәи анаареи, аӡиақәа Анааи, Мцреи, Адуадеи, иара убас Марыхәтәи акаҵәареи рышҟа ахалара.

Апроект аҧхын-ҭагалантә ҟәша алагамҭазы акрызҵазкуа хҭысны иҟалеит “Аҧсны ашьхара” афонди Аҧсны аҭҵаарадырратә академиа иатәу аекологиатә институти русеицуразы аиқәышаҳаҭра рыбжьаҵара.

Апроект ҩ-етапк – Аӡынреи-Ааҧынреи  Аҧхынреи-Ҭагалани хыркәшахоит Аҧсны ашьхараҿы  еиҳа акрызҵазкуа аҧсабаратә ҭыҧқәа зегьы рфото-видеоматериалқәа рыла иуникалтәу абаза аҧҵарала, изнысыз амҩақәа зегьы рҭаҩрала, иара убас урҭ Аҧснытәи анавигациатә хсаала ранҵарала. Уи хәы змаӡам лагаланы иҟалоит Аҧсны ӡынгьы-ҧхынгьы шықәсы наҟьак еиҧмырҟьаӡакәа атуризм аизырҳара аус аҿы, ҳтәыла атуристтә лшарақәа рырҭбааразы, иаҳҳәап, ҳреспубликаҿы аспорттәи аекстремалтәи атуризм аиҿкаараҿы.

Ҧыхьа еиҧш уажәгьы, изҭаху дарбанзаалак илшоит аекспедициа ахьымҩаҧысуа аҟнытә онлаин-аҿакреи афоторепортажқәеи рыбзоурала,   апроект ацашьа иреалтәу аамҭазы ахәаҧшра.

«АҞӘАФОН-GSM»  адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша