25-09-2015

Аҧсны аҳәынҭқарра Ахьыҧшымра амшныҳәа иақәыршәаны АҞӘАФОН имҩаҧнагеит комплексла еизаку аусхкқәа

news_name

Аҧсны аҳәынҭқарра Ахьыҧшымра амшныҳәа иақәыршәаны АҞӘАФОН имҩаҧнагеит комплексла еизаку аусхкқәа

Цәыббра 30, 1993 шықәсазы, шьаарҵәырала имҩаҧысыз 413 мши-ҵхи рышьҭахь зхы иақәиҭтәыз Аҧсны иахашәыршәырит Аиааира абираҟ. Акырӡа ихьанҭаз ақәҧара амҩа хьӡы-ҧшала ианысыз ҳара ҳреспублика иаиуит аныҳәа хада – Аиааирамш, Ахьыҧшымра амш!

Уажәшьҭа традициала ишаҧу ала, ари акрызҵазкуа арыцхә аламҭалазы АҞӘАФОН ихацнаркуеит, ахгьы аланарахәуеит апатриоттә хырхарҭа змоу апроектқәа рынагӡара.

Ахьыҧшымра амшныҳәа иазку аусхкқәа аартын цәыббра 25 рзы Аҟәатәи аҳәынҭқарратә лицеи-интернат аҿы имҩаҧгаз акциа ала. Уи амш азы АҞӘАФОН ахаҭарнакцәа алицеи ҳамҭас иарҭеит аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа раан зеиҕьыҟам цхыраагӡас иҟалаша - еизаку акустикатә аппаратура.

Есышықәса АҞӘАФОН спонсор Хадас иамоуп Ахьыҧшымра Амш аламҭалазы Аҧсны асамбо Афедерациа еиҿнакаауа,  арҧарцәеи аҭыҧҳацәеи рыбжьара асамбо азы  имҩаҧысуа Жәларбжьаратәи атурнир “Аиааира акубок”. Цәыббра 27 инаркны 28 рҟынӡа Аҟәа ақалақь аспорттә школа “Спартак” аҿы ари атурнир мҩаҧысуеит жәаҩантәны.    Сынтәа иалыршахеит ари аицлабра зҽалазырхәыз ргеографиа арҭбаара. Атурнир рҽаладырхәуеит Аҧсни, Урыстәылеи, Алада Уаҧстәылеи, Адыгеиеи, Ҟарачы-Черқьестәылеи, Ҟрыми, Ашьха Ҟарабахи ақалақьқәа рҟнытә аспортсменцәа.  

Ҳтәыла ахақәиҭреи ахьыҧшымреи ирсимвол хаданы иҟоуп ҳџьынџьуаа рыхьӡ-рыҧшеи рфырхаҵареи ирдыргоу Аҧсны Ареспублика аҳәынҭқарратә бираҟ.  

2009 шықәсазы АҞӘАФОН-и, аҿари аспорти русқәа рзы Ареспубликатә комитети, Аҧснытәи Аҿар Реиҿкаарақәа Рассоциациеи еицхацдыркит “Аҧсны ақалақьқәа рҿы зымҽхак ҭбаау абираҟқәа” ҳәа зыхьӡыз  апроект ду. Уи хықәкыс иаман Аҧсны қалақьцыҧхьаӡеи, иара убас хьӡы-ҧшала аибашьра ахьымҩаҧысуаз аҭыҧқәеи рҿы 20м. аура змоу абираҟлабақәеи 4х8м. иҟоу абираҟтә ши рышьақәыргылара.  

Иахьазы ари апроект аханатә иазҧхьагәаҭаз аҳәаақәа ирҭыҵит. Аҧсны  аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 22 шықәса ахыҵра инадҳәаланы, ҳреспублика аҳәынтқарратә символқәа шьақәыргылан Аҧсны аҭоурыхтә ҭыҧқәа ҩба рҿы – Лыхнашҭеи Мықәашҭеи.  Цәыббра 27 рзы Мықә ақыҭан аамҭакала ишьҭыххоит ҩ-бираҟк – Аҧсны аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз рбаҟа ахьгылоу аҭыҧи “Мықәашҭа” аҵакырадгьыли аҿы.

Лыхнашҭа – шәышықәсала аҧсуа жәлар ртрадициатә еизарақәа ахьымҩаҧырго, иразҟыӡбагаз, аҭоурыхтә ҵакы змаз азҵаарақәа ахьырыӡбо ҭыҧуп. 1992 шықәса жьҭаарамзазы араҟа раҧхьаӡа акәны имҩаҧысит аҧсуа-абаза жәлар Актәи Адунеизегьтәи рконгресс. Убри азы ҷыдала асимволтә ҵакы амоуп АҞӘАФОН сынтәа жьҭаара 27 рзы – ари аҭоурыхтә ҭыҧ аҿы аҳәынтқарратә бираҟ ашьҭыхра.

Иара убас, цәыббра 27 рзы Мықәашҭа имҩаҧысраны иҟоуп Аҧсны Раҧхьатәи Ахада Владислав Арӡынба  игәалашәара иазкны итрадициатәу  аҽҟазаратә спорт азы Аҧсны ачемпионат. 1992-1993 шықәсқәа рзы Аҧсны аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира Амш инадҳәаланы, ари ачемпионат есышықәса имҩаҧысуеит Очамчыратәи араион Ахадара ахацыркрала. Уажәшьта акыр шықәса ҧсахрада уи аицлабра аҧхьахәтә фонд спонсорс иҟоуп АҞӘАФОН.     

Уи инаҷыданы, ари амш азы, сынтәа “Мықәашҭа” еиҿкаахо аныҳәатә усхкқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, АҞӘАФОН аспонсоррала раҧхьаӡа акәны ҳреспубликаҿы имҩаҧгахоит  аҧсуа спорттә хәмарра “Аимҵакьача” ала актәи атурнир. Ҩымш рыҩныҵҟа Очамчыратәи араион акомандақәа  имҩаҧыргоит, иахәаҧшуа асасцәа зегьы рзы  иҧшӡоу ланарҧшыраны иҟало ари ажәытәӡатәи амилаҭтә хәмарраҿы аицлабра.    

2014 шықәсазы, ҷыдала Ахьыҧшымра Амш азы АҞӘАФОН-и амузыкатә студиа «АМА RECORDS» аколлективи русеицурала Аҧсны ақалақьқәа рҿы еиҿкаан амузыкатә проект “Ҳара ҳаруаа реиҳабы” агастрольтә тур. Сынтәа Раҧхьатәи амобилтә аоператор аинформациатә партниорра азнауеит цәыббра 28 рзы Пицунда имҩаҧысраны иҟоу “Ҳара ҳаруаа реихабы” аконцерт. Ари аусмҩаҧгатәы еиҿнакааит – ақалақь ахадара. 

АҞӘАФОН  аусура ианалагаз раҧхьатәи амш инаркны, есышықәса, Аиааира амшныҳәа аламҭалазы азҿлымҳара рынаҭоит Аҧсны еиуеиҧшым араионқәа рҿы инхо аибашьра аветеранцәа ртаацәа. Сынтәа АҞӘАФОН асоциалтә акциақәа хырхарҭас ирымоуп аибашьра аан аблокада бааҧсы зхызгаз ақалақь-фырхаҵа Тҟәарчал. 

Цәыббра 28 рзы Тҟәарчалтәи араион Ахадараҿы АҞӘАФОН аусзуҩцәа иааиуа аныҳәа иадырныҳәалоит  ҳреспублика ахақәиҭра зхы ақәызҵаз 47-ҩык аибашьцәа ранацәеи рабацәеи. Афырхацәа рҭаацәа рнапы иадыркуеит ашәҭ шьыҵәрақәеи, адныҳәаларатә шәҟәқәеи, хҧа-хҧа нызықь мааҭ зҭоу аконвертқәеи. 

Уи амш азы АҞӘАФОН ахаҭарнакцәа ирзыҧшуп агәахәара зцу даҽа миссиакгьы. АҞӘАФОН аҟнытә Тҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа хада ахшараиурҭатә ҟәша ҳамҭас иаҭахоит 20 комплект ацәарҭамаҭәа.  

Иара убас, асоциалтә акциақәа рҳәаа иҭагӡаны, цәыббра 30 рзы аматериалтә цхыраара азыҟаҵан Тҟәарчалтәи араион акультуратә ҟәша Аибашьратә Ахьӡ-аҧша амузеи аҿы аеқспозициа ҿыц азырхиаразы, убасгьы 1992-1993 ш.ш. рзы Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз аҵеицәа рҭаацәа рзы ачеиџьыка аиҿкааразы.

Ахьыҧшымра Амш – иуадаҩӡаз, ихьанҭаз аамҭақәа рзы аӡәк иеиҧш еидгыланы аиааира згаз ажәлар ракзаара иадыргоу ныҳәоуп. Ҿыцәаашьа ақәым ҳажәлар ирхыргаз ахҭысқәа ргәалашәара. Хашҭра ақәым Ҳаҧсадгьыл ахьчаҩцәа рфырхаҵара!

Ҽаанбзиала, зхы иақәиҭу Аҧсны! Аныҳәа иадныҳәалаз, аиааира згаз ажәлар!

 

«АҞӘАФОН-GSM»  адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша