27-04-2015

АҞӘА ИМҨАҦЫСИТ VI ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АШАХМАТТӘ ТУРНИР “АҞӘАФОН-ОПЕН”

news_name

АҞӘА ИМҨАҦЫСИТ VI ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АШАХМАТТӘ ТУРНИР “АҞӘАФОН-ОПЕН”

Мшаҧы 25 инаркны 26 рҟынӡа Аҟәатәи асахьаркыратә гимнастика ашкол аҿы  имҩаҧысит VI Жәларбжьаратәи ашахматтә турнир “АҞӘАФОН-ОПЕН”. 2010 шықәса раахыс уи спонсор хадас иамоуп Аҧсны раҧхьаӡатәи  амобилтә оператор.

Атурнир аиҿкааҩцәа – Аҧснытәи ашахматтә Федерациеи абаҩрҵәыратә культуреи аспорти рзы Аҧснытәи аҳәынҭқарратә комитети.

Сынтәатәи аицлабрақәа раҧхьахәтә фонд 81 000 маҭ ыҟоуп.

Аицлабрақәа рҿы иаиааиз рыбжьара аҧаратә ҧхьахәқәа ҩ-гәыҧк ирзеихшан Агәыҧ-А (адуцәа рыбжьара) Агәыҧ-В  (13 шықәса рҟынӡа зхыҵуа алахәцәа рыбжьара). 

Мшаҧы 25 рзы шьыжьнаҵы ашкол ахыбраҿы аизара иалагеит аспорттә хкқәа рыҟнытә зегь реиҳа иҟәышу ҳәа иҧхьаӡоу ашахмат бзиа избо хәыҷи-дуи: аветеранцәа, аҟазацәа, ашколхәыҷқәа, уимоу ашкол иҭамлац ахәыҷқәаҵәҟьагьы. Атурнир аҽалархәразы иааит Аҧсны иқәынхо ауааҧсыреи Урыстәылантәи асасцәеи. Ашахмат асыҩцәа рыбжьара иҟан атурнир есышықәса зҽалазырхәуа ауаагьы.

Асааҭ 10:00 рзы ихацыркын аартра ацеремониа. Аспорттә ныҳәа аартуа, уи зҽалазырхәыз зегьы “Бзиала шәаабеит!” ҳәа раҳәо ақәҿиарақәагьы рзеиҕьашьо рҿаҧхьа иқәгылеит Аҧсны ашахматтә Федерациа Ахада Константин Ҭыжәбеи АҞӘАФОН ахаҭарнак Аида Хонелиеи.

Анаҩс актәи атур рылаҳәан, иара убриалагьы иалагеит 8 туркны ишаз ашахматтә марафон.

Мшаҧы 26 рзы зегьы идырдырын атурнир аҿы аиааира згаз рыхьӡқәа. Урҭ иранашьан аҿақәеи, аҳаҭыртә грамотақәеи, афинанстә ҧхьахәқәеи.

 

Агәыҧ-А (адуцәа рыбжьара)

I аҭыҧ

Полиаков Иури

II аҭыҧ

Барганџьиа Заза

III аҭыҧ

Мрыхин Игор

IV аҭыҧ

Гаспариан Даниел

V аҭыҧ

Шьанаа Ҭемыр

 

Аветеранцәа рыбжьара

I  аҭыҧ

Жуков Виктор

II аҭыҧ

Дида Куплан

 

Ашколхәыҷқәа рыбжьара

I аҭыҧ

Сарамиди Денни

1I  аҭыҧ

Асатуриан Даниел

III  аҭыҧ

Аспариан Алин

 

Агәыҧ-В  (13 шықәса рҟынӡа зхыҵуа алахәцәа рыбжьара)

I аҭыҧ

Шамба Леон

II аҭыҧ

Ҟаитан Алан

III аҭыҧ

Занҭариа Ника

 

Аҷкәынцәа хәыҷқәа рыбжьара (7 шықәса рҟынӡа)

I аҭыҧ

Хәырхәмал Аинар

II аҭыҧ

Ҭаркьыл  Михаил

III аҭыҧ

Ҳалбад  Данил

 

 

Аҷкәынцәа хәыҷқәа рыбжьара (9 шықәса рҟынӡа)

I аҭыҧ

Ҷкадуа Алеқсандр

II аҭыҧ

Сабекьиа Саиат

III аҭыҧ

Аншба Есам

 

Аҷкәынцәа хәыҷқәа рыбжьара (11 шықәса рҟынӡа)

I аҭыҧ

Шьелиа Даниел

II аҭыҧ

Баџьаӡе Георги

III аҭыҧ

Василиев Артур

 

 

Аӡҕабцәа хәыҷқәа рыбжьара (7 шықәса рҟынӡа)

I аҭыҧ

Ҵалакьиа Валериа

II аҭыҧ

Кәарҷиа Диана

III аҭыҧ

Аҩӡба Алеқсандра

 

Аӡҕабцәа хәыҷқәа рыбжьара (9 шықәса рҟынӡа)

I аҭыҧ

Касиан Дариа

II аҭыҧ

Кәарҷелиа Анна

III аҭыҧ

Роган Алеқсандра

 

Аӡҕабцәа хәыҷқәа рыбжьара (11 шықәса рҟынӡа)

I аҭыҧ

Амҷба Деиа

II аҭыҧ

Ҳаџьымба Кристина

III аҭыҧ

Арҩҭаа Асиа

 

Ашахмат – иҷыдоу спорттә хкуп. Аинтеллектуалтә ҿиара аизырҳара иацхраауа, ашахматтә спорт, иарбан қәразаалак аҿы ауаҩы ихаҭара ашьақәгылара ианыруеит. Иагьџьашьатәым Аҧсны ашахматтә хәмарра бзиа избо ауаа рхыҧхьаӡара еснагь иахьацло.  Уи зыршаҳаҭуа акакәны иҟоуп ашахматтә турнир еизнаго ауаа рхыҧхьаӡара есааира арацәахара.

АҞӘАФОН хымҧада  иамыргәырҕьар залшом, уи амчқәеи аресурсқәеи зыднаҵо проектцыҧхьаӡа уаҩы ибартә еиҧш, алҵшәа бзиақәа анаадырҧшуа.

 

«АҞӘАФОН-GSM»  адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша