19-03-2015

«Сышьхатәыла» - АҞӘАФОН акциа ҿыц

news_name

«Сышьхатәыла» - АҞӘАФОН акциа ҿыц

Хәажәкыра 18 инаркны 30 рҟынӡа “Аҧсны ашьхара/Ашықәс аамҭақәа” апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны АҞӘАФОН имҩаҧнагоит акциа “Сышьхатәыла”.

«Сышьхатәыла» - ашьха аҧсшьара абзиабаҩцәеи аҧсуа шьхақәа рыҧшӡара ахәшьаҩцәеи иреицлаброуп.

Ари аицлабра алахәхаразы АҞӘАФОН аофициалтә даҟьа знапы аҵаҩу абонентцәа асоциалтә ҳақәа Facebook-и Instagram-и рҿы рхатә даҟьақәа рҟны ианырҵароуп аҧсуа шьхақәа рфон аҿы иҭыху иреиҕьу рфотографиақәа, хымҧада ахештег #Сышьхатәыла, иара убас  #aquafon ацҵаны. Акциа ахыркәшамҭазы  апроект “Аҧсны ашьхара/Ашықәс аамҭақәа” акоманда далыркаауеит зегь реиҳа аинтерес зҵоу афотографиа автор. Акциаҿы аиааира згаз иалихырц илшоит Facebook аҿы апроект “Аҧсны ашьхара/Ашықәс аамҭақәа” аофициалтә даҟьаҿы иҭоу апроект афотографиақәа руакы. Уи афотографиа иақәҭыхны  иҟаҵахоит, аекспедициа иалахәу зегьы рнапынҵамҭақәа зну, афотосахьа.  Иара убас акциаҿы аиааира згаз изыҧшуп зеиҧш ыҟам атермо-чаиҵәца “Аҧсны ашьхара/Ашықәс аамҭақәа” алоготип зну, насгьы апроект аспонсор хада АҞӘАФОН аҟнытә асувениртә ҳамҭақәа.

Аха аицлабраҿы аиааира зго изыҧшу аҧхьахә хада - АҞӘАФОН макьаназы алахәцәа ирыланаҳәом, амала зегьы агәра ддыргоит уи знапаҿы изыҭахо, игәалаҟазаара даараӡа ишышьҭнахуа ала.

 

«АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша