08-05-2015

Аиааира Дуӡӡа 70 шықәса ахыҵразы АҞӘАФОН адныҳәалара рзыҟанаҵеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа

news_name

 

Аиааира Дуӡӡа 70 шықәса ахыҵразы АҞӘАФОН адныҳәалара рзыҟанаҵеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа

2015 шықәса лаҵара 9 рзы Аиааира Ду иахыҵит 70 шықәса! 1418 мши-ҵхи ирыҵаркит ахьаҵра иацу ахьааи аиааира агәырҕьареи, ишьаарҵәыроу ажәыларақәеи, икьаҿӡаз аҧсшьаратә минуҭқәеи. Атәыла зегьы шьаҿа-шьаҿа иазааигәахон ХХ ашәышықәсазы зегь реиҳа ихаданы иҟалаз Аиааира!

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы асовет жәлар иргаз ари Аиааира алыршахеит ирзеиҧшу рыҧсадгьыл ду иахәҭакны зхы зыҧхьаӡоз асолдаҭцәа массала иаадырҧшуаз апатриотизмреи ахымшаҭареи ирыбзоураны.

СССР аҵакырадгьыл иқәынхоз амилаҭ рацәа рхаҭарнакцәа афашизм иаҿагылеит, илегендатәу аиааира ргеит. Урҭ аибашьцәа рыгәҭаны иҟан  55 000-ҩык инареиҳаны Аҧсны аҧацәеи аҧҳацәеи. Зегьы ирзеиҧшыз ари Аиааира ҳреспублика хәыҷы ажәлар иаларгалеит акрызҵазкуа рхатәы лагала.

Абар уажәшьҭа 70 шықәса ҵуеит асовет солдаҭцәа иаадырҧшыз афырхаҵара аныҳәатә акциақәа рыла иазгәарҭоижьҭеи ирылдыршаз азы ҭабуп ҳәа зҳәо абиҧарақәа. 

Есышықәса  АҞӘАФОН азҿлымҳара ҷыда рзыҟарҵоит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәыз ҳџьынџьуаа.  Сынтәагьы уи аамҭакала иалахәын  Аиааира амшныҳәа иадҳәалаз акымкәа-ҩбамкәа апроектқәа.

Лаҵара 9 аламҭалазы Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа ирызкны  аҵыхәтәантәи аамҭазы зегь реиҳа мҽхакы ҭбаала имҩаҧгаз апроект – “Аиааира ахаҿқәа” рҿы  АҞӘАФОН ыҟан информациатә партниорси спонсорси. Апроект еиҿкааҩцәас иаман  аинформациатә агентра Sputnik-Аҧсни адипломатцәа  ҿарацәа Реидгыла.  Ари апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи рҿы иқәыргылан иахьазы иҳацынхо, Аиааирамш 70 шықәсахыҵра иҳацаҧыло аветеранцәа рфотосахьақәа зну абаннерқәа. Баннерцыҧхьаӡа ҩыџьа аветеранцәа рсахьақәа рхархәарала иаҧҵан – аибашьра аантәии иахьатәи аамҭазтәии рфотосахьақәа анҵаны. Афотографиақәа зну абаннерқәа шьақәыргылан  хаҭала зсахьа ану аветеранцәа ахьынхо араионқәа рҿы. Ари апроект аларҵәаразы АҞӘАФОН уи аиҿкааҩцәа  ирынаҭеит атәыла зегьы аҿы 81 информациатә ҭыҧи, инарҭбааны амедиа-цхыраареи.

Иара убас АҞӘАФОН партниор ҳасабла иқәгылеит илегендартәу аҧырҩы-ажәылаҩ Қьаазым Ҳаҭхәа-иҧа Агрба (1916-1944) иеибашьратә лшарақәа  ирызку апроект  “Аҧсны – Урыстәыла ахыҧраара” (Аҟәа – Ростов – Воронеж – Тула – Москва).  Қьаазым Агрба – аорденқәа «Аиаҵәа ҟаҧшь», «Александр Невски», «Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду актәи аҩаӡара», «Абираҟ ҟаҧшь» ркавалер, ҩынтә ихьӡ рҳәахьан «Асовет тәыла афырхаҵа» ҳәа ахьӡ ҳаракы ианашьаразы, аха изыхҟьазаалак уи ирымҭеит.

Ари апроект аҿы идҵа хаданы иқәгылоуп Урыстәылатәи массатә информациа ахархәагақәеи ауаажәларреи разхьарҧшра Гастелло ифырхаҵара аиҭаҟаҵара зылшаны, фырхаҵарыла иҭахаз  ари аибашьҩы иганахьала изакәытә залымдыроу иахьа уажәраанӡа иҟоу.

Уажәшьҭа итрадициахеит  есышықәса АҞӘАФОН иҟанаҵо асоциалтә акциа. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны,  аветеранцәа зегьы ртәанчахәы иацнаҵоит ҩба-ҩба нызықь мааҭ. Сынтәа ртәанчахәы иацҵан 68-ҩык аибашьра алахәцәа.

Аиааира амшазы иҳамҭа бзианы иҟалоит АҞӘАФОН аспонсортә лахәыларала Аҟәа ақалақь аҿы лаҵара 9 рзы еиҿкаахо аныҳәатә феиерверк.

Зымҽхак акыр идууз, хацәынмырха ақәҧарала зегьы иреиҳаз Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду – миллионла ауаа рзы итрагедианы иҟалеит.Уи ажәларқәа ирзаанагеит аҭоурых аҿы уаҩы иимбац  аҧсҭбарақәеи уаҩы иимбацыз арыцҳарақәеи. Сынтәа Аиааира Ду 70 шықәса ахыҵуеит.  Аха егьа жәашықәса бжьысыргьы, хашҭшьа рықәым аццышә иаҩызартәыз ақалақьқәа,  зегь реиҳа ихадоу, харҭәаашьа змам ацәыӡқәа – миллионҩыла ауаатәыҩса рыҧсҭазаара.

Насыҧны, иахьа ҳара иҳацынхоит 1941-1945 шш. рзы иҟаз ахҭысқәа ирхаану, ирылахәыз ауаа. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа – ииашаны, ҳаамҭа иафырхацәоуп. Урҭ роуп  акыр шықәса раҧхьа аҭыҧ змаз аидыслара дуқәа ирызку  зыҧсы ҭоу агәалашәарақәа ныҟәызго, иеиҵагыло абиҧарақәагьы  ҿырҧшыгас ирымоу.  АҞӘАФОН аусзуҩцәа  аӡәаӡәала афырхацәа зегьы ирыдырныҳәалоит Аиааира Ду!

Аиааирамш шәадныҳәалаз!

 

«АҞӘАФОН-GSM»  адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша