21-05-2014

Апроект «Ҳара ҳаруаа реиҳабы» ахԥатәи ахәҭа аҭыхра

news_name

Апроект «Ҳара ҳаруаа реиҳабы»  ахԥатәи ахәҭа аҭыхра

2014 шықәса Мшаԥымзазы иалагеит Апроект «Ҳара ҳаруаа реиҳабы»  ахԥатәи ахәҭа аҭыхра.  Уаанӡагьы апроект арҿиаратә гәыԥ дуи, авторцәа Ҭемыр Қәыҷбериеи Емма Хоџьааԥҳаи русеицура иабзоураны иҭыҵхьан  ҩ-хәҭак рыла ишьақәгылоу  амузыкатә фильм.

Раԥхьатәи ахәҭақәа ҩба рҭыхра аан еиԥш, апроект ахԥатәи ахәҭа аҭыхразы аԥаратә цхыраара ҟарҵеит Аԥсны Раԥхьатәи амобилтә оператор Аилахәыра АКӘАФОНи  «Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи»  ҳәа хьӡыс измоу Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаареи.

Апроект авторцәеи аԥаратә хаҵгылаҩцәеи  ирыӡбеит ахԥатәи ахәҭа Аԥсны  Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы  Аиааира  XXI  ашықәс ахыҵра иазыркырц.

Апроект «Ҳара ҳаруаа реиҳабы» анагӡаратә усқәа инарымаданы,  аҭыхра иалагоит  ановелла-ахәмарратә фильм кьаҿ, уи  асиужет иагәылалоит афольклортә хаҿсахьақәа ирыдҳәалоу аелементқәеи  зхыԥхьаӡара акырӡа ирацәоу афронт аҿынтә  епизодқәеи.

Ари зыӡбахә ыҟоу ҳтәыла ахы иақәиҭтәразы хаҭала  аибашьра  иалагыланы аиааира ҳзаазгаз асолдаҭцәа роуп. Ановелла аҟны инарҭбааны иубо иҟоуп аизыҟазаашьақәа –  асолдаҭцәа  реиҩызара  аибашьра хлымӡаах аҩныҵҟа, иаабац  афырхацәа рҟазшьақәа бла ҿыцла рыхәаԥшра, аблиндажқәеи егьырҭ ахырӷәӷәарҭақәеи рҿы иҟаз аҭагылазаашьақәа, ацәажәарақәа, алафқәа, абалладатә ашәақәа аҭынчра аамҭа кьаҿқәа раан.

Апроект аӡыргара мҩаԥгахоит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы  Аиааира  XXI шықәса ахыҵра аламҭалазы, цәыббрамза 27 аҽны Р. Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә филармониа аҟны.

 

ИАЕ «АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша