23-01-2015

«АҞӘАФОН аҟынтәи ашықәсҿыцазтәи аҳамҭақәа» акциа аихшьала

news_name

АҞӘАФОН аҟынтәи ашықәсҿыцазтәи аҳамҭақәа» акциа аихшьала

Есышықәса АҞӘАФОН абонентцәа рзы  ашықәс анҵәамҭа азгәанаҭоит ашықәсҿыцазтәи акциақәа рыла. 2014 шықәса ҧхынҷкәын мзазы ихацыркын “АҞӘАФОН аҟнытә ашықәсҿыцазтәи аҳамҭақәа” зыхьӡыз акциа. Ҧхынҷкәын 24 инаркны ажьырныҳәа 19 рҟынӡа  ари акциа мҩаҧысит АҞӘАФОН Амаҵзуратә Ҭыԥқәа жәаҩа зегьы рҟны. Акциа рҽаладырхәит уи анымҩаҧысуаз аамҭазы АҞӘАФОН  4G ахәхшәааратә план  иаҿазкыз   Аҧсны араионқәа зегьы рҿы инхо абонентцәа. Акциа алахәхаразы абонентцәа иҷыдоу абланк харҭәааны,  архәмарратә урна иҭадыршәуан.  

Ажьырныҳәа 20 рзы АҞӘАФОН Амаҵзуратә Ҭыԥқәа зегьы рҟынтә урҭ аурнақәа наргеит ҳаҳҭны қалақь амҩаду хада – Аиааира апроспект аҿы иҟоу Амаҵзуратә Ҭыԥ аҿы. Иаиааиз абонент иалхра амҩаҧгаразы ааҧхьара рыҭан 4G ахәхшәааратә  план  «АФЫРҬЫН» аӡыргыратә хеидкыла иахаҿқәаны иҟалаз еицырдыруа амузыкарҳәаҩцәа, амузыкатә коллектив «SOLO» алахәцәа Анри Гәымбеи Алхас Марколиеи. Амузыкарҳәаҩцәа доусы архәмарразы аурна иҭыргеит ҩба-ҩба бланк. Зыхьӡ абланк аҿы иарбаз абонент ари акциаҿы аиааира игеит. Абасала, иалкаан асуперҳамҭақәа занашьахаз -  ҧшьҩык аиааира згаз абонентцәа:

 

Иаиааиз

Аҳамҭа

Полиак Дырмит

апланшет  HUAWEI  4G амаҵура змоу

Ҷанба Алина

iPhone 6

Гәниа Сусанна

iPhone 6

Лакоба Аида

iPhone 6+

 

Ажьырныҳәа 23 рзы аиааира згаз абонентцәа ааҧхьара рыҭан амобилтә оператор иҟнытә ироуз  аҳамҭақәа ныҳәаҵас рнапаҿы дыркразы. Еилаарцыруаз аконфетти артҟәацыбжьи ахәаҧшцәа рнапеинҟьабжьқәеи ргәырҕьара иацнаҵон, зхы-зҿқәа зхалашо iPhone 6, iPhone 6+, апланшет  HUAWEI, иара убас ашәҭқәеи, акорпоративтә сувенирқәа реизгеи знапы иадыркуаз АҞӘАФОН абонентцәа. Иара убри аҽны АҞӘАФОН  иҟанаҵеит  ажьырныҳәа 7 инаркны 19 рҟынӡа асоциалтә ҳа Инстаграм аҿы имҩаҧысуаз  акциа аихшьалагьы. Уи акциа алахәхаразы Инстаграм ахархәаҩцәа рзы иаҭахын:

1. Инстаграм аҳаҿы АҞӘАФОН адаҟьа анапаҵаҩра.            

2. Акциа аҧҟарақәа зну АҞӘАФОН адаҟьа аиҭакьыҧхьра (арепост ҟаҵара).      

3. АҞӘАФОН-4G ахархәаҩ идаҟьаҿы азгәаҭара.      

Акциа еизнагеит зхы алазырхәырц зҭахыз ауаа рацәаҩӡаны. Есымша жәаҩыла Инстаграм  ахархәаҩцәа  уи ахәмарра ишалахәу шьақәдырҕәҕәон. Ажьырныҳәа 19 рзы акциа зхы алазырхәыз  ахархәаҩцәа рзеиҧш хыҧхьаӡара зықьҩык рҟынӡа инаӡеит.  Урҭ рҟынтә аицлабра аҧҟаррақәа аамысҭашәарала иназыгӡаз рхыҧхьаӡара 711-ҩык рҟынӡа инеит. 

Аиааира згаз даналыркаауаз аҽны, акциа алахәцәеи асасцәеи  зегьы ишырбоз ахәмарра иалахәыз рыхьӡқәеи рыжәлақәеи анҵаны абланкқәа зегьы еизганы иахьҭаз аурна асасцәа руаӡәк инапала иҭигеит Инстаграм ахархәаҩ ихьӡ зныз бланкк. Ари акциаҿы аиааира лгеит Милана Сангәлиа (Инстаграм аҳаҿы ахархәаҩ лыхьӡ арбоуп milanasanguliya).  Уи иланашьахеит лгәы хыҭхыҭуа дыззыҧшыз аҳамҭа  – IPhone 6! 

Анаҩс еизаз зегьы ирзыҧшын ахаа-мыхаақәеи ҩныҵҟала узырҧхо арыжәтә – глинтвеини рыла ирхиаз  аныҳәатә фуршет, иара убас еицырдыруа  Аҟәатәи аскрипкарҳәаҩы-авиртуоз Вачик Саакиан инагӡарала амузыкатә программа. Ари аныҳәаҿы зегь ирыцкыз, ихышхыҵәоз  асасцәа  ремоциақәеи аиааира згаз ахәмарра алахәцәа рыџьшьарақәеи ракәын. 

 «АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша