10-04-2014

Аԥсны Аҳәынҭқарра ашкол-интернатқәа рааӡамҭацәа рыбжьара ашьапылампыл асразы Иаарту ачемпионат V алхратә еиндаҭларақәа рылҵшәақәа

news_name

Аԥсны Аҳәынҭқарра ашкол-интернатқәа  рааӡамҭацәа  рыбжьара ашьапылампыл асразы Иаарту ачемпионат V алхратә еиндаҭларақәа рылҵшәақәа

 

Мшаԥымза 10 азы ихыркәшахеит АА ашкол-интернатқәа рааӡамҭацәа рыбжьара ашьапылампыл асразы Иаарту ачемпионат V алхратә еиндаҭларақәа. Имҩаԥгаз  аикәшаратә еиндаҭларақәа рылҵшәақәа рыла Шәача ақ. аҟны имҩаԥгахо «Уара уԥеиԥш унапы иануп» захьӡу Урыстәылазегьтәи ачемпионат аҵыхәтәантәи аиндаҭларахь ацара рҽаԥсартәит  ашықәс еихшаратә гәыԥқәа ҩба рҿы иргаз аиааира ала Калдахәаратәи ашкол-интернат ааӡамҭацәа

 

Аиҳабыратә гәыԥ                                              Аиҵбыратә гәыԥ

1.Калдахәаратәи ашкол-интернат             1.Калдахәаратәи ашкол-интернат

2.Очамчыратәи ашкол-интернат                2.Очамчыратәи ашкол-интернат  

3.Аҟәатәи ашкол-интернат                         3. Гагратәи ашкол-интернат

4. Гагратәи ашкол-интернат                        4. Аҟәатәи ашкол-уараинтернат

 

Хазы иазгәаҭан аиндаҭлараҿы зегьы иреиӷьхаз  ахәмарҩцәа.

Аиҳабыратә гәыԥ аҿы:

Иреиӷьу амбахьчаҩ – Петровски Виктор (Гагратәи ашкол-интернат).

Иреиӷьу ахьчаҩ – Арҷелиа Саид (Очамчыратәи ашкол-интернат).

Иреиӷьу ажәылаҩ – Зыхәба Алықьса (Аҟәатәи ашкол-интернат).

Иреиӷьу аҭаршәҩы – Қәычбериа Анри (Очамчыратәи ашкол-интернат).

Аиндаҭлараҿы  иреиӷьхаз ахәмарҩы – Ҟәыруа Анри (Калдахәаратәи ашкол- интернат).

 

 Аиҵбыратә гәыԥ  аҿы:

            Иреиӷьу амбахьчаҩ – Қәҭелиа Леон (Очамчыратәи ашкол-интернат).

Иреиӷьу ахьчаҩ – Сабуа Саид (Гагратәи ашкол-интернат).

Иреиӷьу ажәылаҩ – Џьопуа Лаша (Аҟәатәи ашкол-интернат).

Иреиӷьу аҭаршәҩы – Гамгьиа Алхас (Очамчыратәи ашкол-интернат).

Аиндаҭлараҿы  иреиӷьхаз  ахәмарҩы – Чкок Казбек (Калдахәаратәи ашкол-интернат).

Аҳамҭақәа  анрырҭоз Аилахәыра  АҞӘАФОН ахаҭарнакацәа  аиндаҭлара алахәыҩцәа зегьы ирырҭеит аҳаҭыртә грамотақәа, ашкол-интернатқәа зегьы хаҭала ашьапылампылқәа ҳамҭас ирырҭеит, акомандақәа разыҟаҵаҩцәа  ирыҭан акорпоративтә аалыҵқәа, аиндаҭлараҿы аиааира згаз ирзыԥшын зегьы раасҭа ҳаҭыр зқәу аҳамҭа – алхратә хәмарра ачемпионцәа ркубок, иара убас  I-тәи аҭыԥ азы амедалқәа.

Ари ашықәс азы Аԥснынтәи ахәыҷқәа ихәынтәны рхы аладырхәуеит ашкол-интернат ааӡаҩцәа рыбжьара имҩаԥысуа «Уара уԥеиԥш унапы иануп» захьӡу акубок агаразы имҩаԥысуа Ачемпионат.

2013 шықәса рзы Калдахәаратәи ашкол-интернат ашьапылампыл асҩцәа зегьы иреиӷьны иахьыхәмарыз азы иаԥсахеит Лондонҟа сасра ашьапылампылтә клуб «Арсенал» ахь ацара. 2014 шықәса  лаҵарамзазы аԥсуа спортсмен ҿарацәа еиҭа  ироуеит алшара Англиаҟа ацара азин аиуразы аицлабра ахалархәра.

Аицлабрақәа рҿы аспонсор Хада – Аилахәыра АҞӘАФОН аусзуҩцәа калдахәараа ирыдырныҳәалеит еиҭа иаадырԥшыз ақәҿиара, ирзеиӷьаршьеит аспорттә маншәалара Шәача имҩаԥысраны иҟоу  аицлабра хада  аҿы.

Ахәмаррақәа ианрылга ашьҭахь, аиндаҭлара алахәыҩцәеи акомандақәа разыҟаҵаҩцәеи Аилахәыра АҞӘАФОН иааинырсланы акрыфара азы  ақьафурҭа «Абургер» ахь ашьыбжьхьфаразыҳәа инарыԥхьеит. Ақьафурҭа аусзуҩцәа  асасцәа зегьы  ирзыршеит адессерт хаа – аҵааршәи, ахшлых коктеили.

 

ИАЕ «АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша