30-04-2014

Очамчыра ақалақь аҟны аҿар рцентр аартра

Очамчыра ақалақь аҟны аҿар рцентр аартра

Лаҵарамза 28 рзы  Очамчыра ақалақь аҟны  Аилахәыра  АҞӘАФОН афинанстә цхыраарала иаартын  «Аҿар Рцентр «Гиуенос» захьӡу Ауаажәларратә Еиҿкаара.

Аҿар рзы ацентр аԥҵара ахыкәкқәа: аҿар рсоциалтә, ркультуратә, ртәылауаҩратә, лшарақәа рхархәаразы аҭагылазаашьа бзиақәа раԥҵара, ридеиақәа, раԥшьгарақәа ацхыраара рыҭара, ақалақь аҿы изызҳауа аҿар ринтеллектуалтә лшарақәа рырҿиара, иара убас атәыла аҿарацәа активла  асоциалтә ԥсҭазаара ралархәразы аҭагылазаашьа бзиақәа раԥҵара.

Ацентр аҿы ишьақәыргылоуп ашықәс аҩныҵҟа имҩаԥгатәу аусқәа рыплан,  Аилахәыра  АҞӘАФОН  урҭ рӷьырак рымҩаԥгаразы иаҭаху  афинанстә хархәагақәа рырҭеит. 2014  шықәса,  Рашәарамзазы аҿар рцентр «Гиуенос» аҟны иаартхоит  аԥсуа бызшәеи англыз бызшәеи рҵаразы хәыԥсадатәи акурсқәа; Аԥсны жәлар Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира иргаз 21 шықәса ахыҵра алагамҭазы, аибашьраҿы иҭахаз ргәалашәара иазкны  имҩаԥысраны иҟоуп ашьапылампыл асразы  аиҩызаратә еиԥылара, иара убасгьы ашықәс аҩныҵҟа имҩаԥгахоит аинтеллектуалтә хәмарра «Бреин-ринг» арегионалтә еицлабрақәа.

ИАЕ «АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша