20-05-2014

Ахрик Цәеиба ихьӡ зху Акубок агаразы Ашьапылампыл асцәа хәыҷқәеи ақәыԥшцәеи lV Жәларбжьаратәи реицлабра астарт

Ахрик Цәеиба ихьӡ  зху Акубок агаразы  Ашьапылампыл асцәа хәыҷқәеи ақәыԥшцәеи  lV Жәларбжьаратәи  реицлабра астарт

 

Лаҵарамза 19 Аҟәа ақалақь аҟны иалагеит Ахрик Цәеиба ихьӡ зху акубок азы ашьапылампыл асцәа хәыҷқәеи ақәыԥшцәеи    IV  Жәларбжьаратә аицлабра.

Аицлабра аԥаратә цхырааҩ – Аилахәыра   АҞӘАФОН.

Атурнир аиҿкааҩцәа – Аԥсны Аҳәынҭқарра аспорти аҿари русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы, Аԥсны ашьапылампыл азы Афедерациа, Аҟәа ақалақь Ахадара, АК «Динамо» Аҟәа.

Аинформациазы аҭакԥхықәра – Аԥснытәи ателерадиоеилахәыра.

Аицлабра аартуа  асасцәеи алахәыҩцәеи рҿаԥхьа иқәгылеит  Аҟәа  ақ. Ахадара ахада Лабахәуа А.М., иара убас ашьапылампыл асразы Афедерациа Апрезидент Гәбаз Д.Р., Аԥсны Аҳәынҭқарра аспорти аҿари русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Логәуа И.И.

Еизаз ирыдныҳәало дцәажәеит ашьапылампыл асра аветеран,  Ҭырқәтәыла зегьы раасҭа ибзианы ихәмаруа аклубқәа ируаку АК «Бешикташ» уаанӡатәи  ахәмарҩы   Мете Леиба. Мете Леиба  ааба шықәса ари  акоманда капитанс даман. Иқәгылара  аҟны  иҭабуп ҳәа реиҳәеит аицлабра аԥаратә цхыраара азҭази аиҿкааҩцәеи, алахәыҩцәа зегьы ирзеиӷьеишьеит аспорт аҿы ақәҿиарақәеи ахәмарра ԥшӡақәеи.

Аицлабра  аартра амш азы имҩаԥысит абарҭ ахәмаррақәа:

«Бешикташ» (Ҭырқәтәыла) – «Спартак» (Аладатәи Уаԥстәыла )

«Спартак» (Нальчик)   – «Терек» (Грозныи)

«Динамо» (Аԥсны)     – «Анжи» (Даӷьсҭан)

Хәымш ицо аицлабрақәа рыҟны иалкаахоит  зегьы иреиӷьхаз акоманда.

Аицлабрахь изымнеиз ашьапылампыл асра абзиабаҩцәа ахәмарра амҩаԥысшьазы ажәабжьқәа иазыӡырҩырц рылшоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыраҿы есымша аефир ахь ицәырҵуа «Аицлабра амшынҵа» захьӡу адырраҭара аҿы.

 

ИАЕ «АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша