17-07-2014

Аиааира амш азы АҞӘАФОН иеиҿнакаауеит аконцерт

news_name

Аиааира амш азы АҞӘАФОН иеиҿнакаауеит аконцерт

Абар ҩышықәсоуп Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аныҳәа аламҭалазы  аилахәыра АҞӘАФОНи, апроект «Ҳара ҳаруаа реиҳабы» авторцәа Ҭемыр Кәыҷбериеи Емма Хоџьааи еиҿыркаауеижьҭеи амузыкатә фильм амассатә рбара. 2012 шықәсазы имҩаԥган афильм «Ҳара ҳаруаа реиҳабы» актәи ахәҭа апрезентациа, уи еизнагеит амузыкатә композициақәа ақырҭуа-аԥсуа еибашьра аамҭазы Мраҭашәаратәи афронт аԥхьагылаҿы иҟаз асолдатцәа инарыгӡоз. 2013 шықәсазы ахәашцәа идырбан афильм аҩбатәи ахәҭа.  Уа идырбан ауникалтә еибашьра ахроника, Мраҭашәаратәи афронт аԥхьагылараҿы иҭыхыз, убасгьы аибашьра аамҭазтәи ашәақәа рыла амузыкатә клипқәа жәаба.

 Ари ашықәсазы  Аилахәыра АҞӘАФОНи, «Аԥсны аҩқеи аӡқәеи» рфинанстә цхыраарала апроект авторцәа идырхиоит «Аибашьратә новеллақәа»  захьӡу апроект ахатәи ахәҭа апрезентациа.

Апроект «Аибашьратә новеллақәа»   апрезентациа еицырзеиԥшны Аилахәыра АҞӘАФОН ирзоунажьых афинанстә цхыраарала  имҩаԥыргоит амузыкатә коллектив «AMA RECORDZ» - Анри Гәымба, Алхаси Алмасхани Марколиаа, Ҭемыр Агрба,  Ҭемыри Ревази Нарманиаа злахәу бжьы цқьала имҩаԥгахо аконцерт, убасгьы апроект «Ҳара ҳаруаа реиҳабы»  алахәылацәа – Ерик Миқаа, Гьаргь Кәакәасқьыр, Валера Берзениа, Нарсоу Абыхәба.

Аконцерт аҟны амузыкантцәа раккомпанементла ирҳәоит аибашьра ашәақәа афильм «Ҳара ҳаруаа реиҳабы»  аҩхәҭа рҟынтә.

Ацентр «AMA RECORDZ» аколлектив апроект алшара рнаҭоит Аиааира адоуҳа анырра 1992-1993 ш.ш. Аџьынџьтәылатә еибашьра амшқәа ирызку ашәақәа зыҩуаз, иназыгӡоз ҳара ҳаибашьцәа рырҿиара аинтерес азырҳара.

Апроект «Ҳара ҳаруаа реиҳабы»  аҟны  еиҭеиз арҭ ашәақәа ҿыц аԥсҭазаара иалаҵәеит, иазхарҵеит. Апроект афильм апрезентациала инымҵәаӡеит.  Афильм аҟынтә бжьы цқьала аконцертқәа рнагӡара ԥхьаӡоуп уи анаҩстәи аҿиара иацырҵо акәны. Арҭ ашәақәа рыԥсы ҭазаауеит ҳаԥхьаҟагьы.  Урҭ рдыруеит, иазыӡырҩуеит, инарыгӡоит  абиԥара ҿыц. 1992-1993 ш.ш. Аџьынџьтәылатә еибашьра афронтқәа рҿы адгылара ҟазҵоз ргәалашәара аҟны инхоит арҭ ашәақәа.

 

ИАЕ «АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша