24-01-2014

Тҟәарчал ақалақь аҿы АҞӘАФОН абонентцәа рзы Амаҵзура Ҭыԥ ҿыц аартра

news_name

Тҟәарчал ақалақь аҿы  АҞӘАФОН абонентцәа рзы Амаҵзура Ҭыԥ ҿыц аартра

 

Жьырныҳәамза 24 аҽны Тҟәарчал ақалақь аҿы иаартын АҞӘАФОН Амаҵзура Ҭыԥ ҿыц. Ари  Аԥсны иаарту АҞӘАФОН 9-тәи АмаҵзураҬыԥ  ауп.

Уажәшьҭа ақалақь аҿы инхо ауааи,  акәша-мыкәша иҟоу ақыҭақәа рҿы инхо ауааԥсыреи дара еиҳа ирзыманшәалоу ахәхшәааратә плани, аномер ԥшӡеи ралхраҿы  ирылшоит  уи иазҟазоу рҿынтә иахәҭоу алабжьагажәақәа раиура. Амаҵзура Ҭыԥ аҿы аусзуҩцәа  урҭ инарҭбааны ирзеиҭарҳәоит аилахәыра акциақәеи ажәалагала ҷыдақәеи рзы иҟоу ажәабжьқәа зегьы. Иара убас, Амаҵзура Ҭыԥ аусзуҩцәа ирыдҵаало зегьы  иҭырҷҷааны  ирзеиҭарҳәоит амобилтә Интернет ахархәараҿы иҟоу аҿыцрақәеи атехнологиақәеи ртәы. Уи адагьы, Тҟәарчал ақалақь аҿы инхо АҞӘАФОН абонентцәа  ирылшоит  Амаҵзура Ҭыԥ аҿы аус зуа апрограмма «АКӘА-бонус» абаллқәа рыла асувенирқәа раиура.

Араҟа  иҟоуп, иара убас, акрызҵазкуа ҭагылазаашьак – Аԥсны араионқәа зегьы рыҟны  Амаҵзура Ҭыԥқәа аԥҵо,  Аилахәыра АҞӘАФОН  иаанартуеит ҳтәылауаа рзы аусурҭа ҭыԥқәа, уи жәаҳәарада, акраҵанакуеит арегионқәа рҿы аекономика арҿиаразы.

Аилахәыра АҞӘАФОН аусура ихадоу ахырхарҭақәа ируакуп – абонентцәа рымаҵура ахаҭабзиара аиӷьтәра. Убри инадҳәаланы Аилахәыра иалнаршоит ареспублика зегьы аҿы  ахатәы маҵзуратә Ҭыԥқәа раартра. Ас еиԥш иҟоу амаҵзуратә офисқәа раартра  хықәкы хадас иамоу – абонентцәа  дасу ахьынхо рымаҵ ишахәҭоу аура алыршара, асервис бзиала ирласны уи амҩаԥгара, иара убас ала абонентцәа аоператор игәра ргаратәы аҟаҵара.

Жьырныҳәамза 24 инаркны 31-нӡа  Тҟәарчалтәи Амаҵзура Ҭыԥ аҿы раԥхьатәи аномерқәа згаз абонентцәа  АҞӘАФОН а-SIM-картақәа рнаҩсангьы   асувениртә аалыҵқәа ҳамҭас ирырҭоит.

Амаҵзура Ҭыԥ ҿыц аҭыӡҭа:  Тҟәарчал ақ., Шовгенов имҩа (Аџьармыкьа араион).

 

ИАЕ «АҞӘАФОН-GSM»  адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша