18-06-2014

АҞӘАФОН Абонентцәа – ашьапылампыл асра абзиабаҩцәа

news_name

АҞӘАФОН Абонентцәа – ашьапылампыл  асра абзиабаҩцәа

Рашәарамза 12 аҽны Бразилиа иалагеит ашьапылампыл асразы XX Адунеизегьтәи Ачемпионат – ари ашьапылампыл абзиабаҩцәа зегьы реиҳа иззыԥшыз хҭысуп. АҞӘАФОН  зхыԥхьаӡара маҷым ашьапылампыл асра бзиа избо абонентцәа рзы иармазеит ргәы иахәаша аҳамҭақәа жәпакы.

Аилахәыра, ҳазҭоу ашықәс, лаҵарамза 14 инаркны ԥхынгәымза 12-нӡа Мундиалиатәи астарт алагамҭазы «Ашьапылампыл азы Адунеизегьтәи Ачемпионат Аԥсны 2014 шықәса» ҳәа хьӡыс изманы имҩаԥысуаз акциа иахаҵгылеит. Акциа ахалархәра рылшон АҞӘАФОН амазҵура «Азҵаарақәа рпарад» абонентцәа - алахәыҩцәа зегьы. Ачемпионат аналагаз, рашәарамза 12 аҽны далкаахеит акциаҿы аиааира згаз – Нанба Ҭемыр Валери-иԥа. Аиааира згаз агәырӷьаратә еиԥылараҿы ирҭеит аҳамҭа хада – Бразилиа имҩаԥысраны иҟоу ашьапылампыл асразы Адунеизегьтәи ачемпионат ашҟа, ма иара игәаԥхарала иалихуа атур ашҟа ицара алзыршо, 150 000 нызқь мааҭ зҵазкуа асертификат.

 Иара убас, АҞӘАФОН ашьапылампыл асразы имҩаԥысраны иҟоу XX Адунеизегьтәи Ачемпионат инамаданы иаԥҵаз, есыҽны Аҳәынҭқарратә Ателерадиоеилахәыра уахынлатәи аефир аҟны ицәырҵло ателедырраҭаратә проект ҷыда аԥара ахшәааҩ хадас иазыҟалеит.  Ишиашоу аефир ахь ицо адырраҭара астудиа исасцәаны иаҭаалоит азанааҭ еилаԥса змоу, аха  аспорт хкқәа зегьы  раасҭа ахәаԥшыҩцәа рацәаҩны измоу ашьапылампыл бзиаӡаны еилызкаауа ауаа! Ес-уаха аԥсуа теледырраҭара ишаалгалак, ишиашо ицалоит Аилахәыра АҞӘАФОН  аԥаратә хаҵгылара ззыҟанаҵаз ашьапылампыл асразы XX  Адунеизегьтәи Ачемпионат аматчқәа.

Ателедырраҭара активла ахалархәра рылшоит ахәмарра шхыркәшахо ҳәа ргәаанагарақәа аномер 3004 ахь иназышьҭуа ахәаԥшыҩцәагьы. Ахәмарра шхыркәшахо ҳәа SMS-ҵабырг зегьы раԥхьа иназышьҭыз АҞӘАФОН Абонент ирҭоит Аилахәыра иармазеиз аҳамҭа ҷыда, иара убас апроект аҩныҵҟа иҭыжьыз адизаин ҷыда лыԥшаах амаикақәагьы.

Ари аицлабрақәа рҿы ҳамҭа хадас иҟоу Apple ipad Air апланшеттә компиутер ауп. Уи зырҭо  3004-тәи аномер ашҟа Ачемпионат ахыркәшаратә хәмаррахь  инарышьҭуа акомандақәа рыхьыӡқәеи, ахыркәшаратә матч алҵшәақәеи ииашаны иахьҳәоу SMS- аацҳамҭақәа зегьы раԥхьа иаазышьҭыз иоуп.

XX аиубилеитә чемпионат азы иаԥҵаз  «Ашьапылампыл азы ажәабжьқәа» захьӡу анапаҵаҩра аҳәаа иҭагӡаны АҞӘАФОН еиҿнакааит «Ашьапылампыласратә арепортиор» захьӡу асервис ҿыц. Уажәшьҭа  АҞӘАФОН абонентцәа ироуит  алшара актәи аҭыԥ азы имҩаԥысуа адунеизегьтәи аицлабрақәа анцо аграфик, иара убас  рылҵшәақәа рзы иааиԥмырҟьаӡакәа адыррақәа  раиура SMS-аацҳамҭақәа рыла.

Амаҵзура ҽнактәи ахәԥса тәоит -  2,99 мааҭ.

Амаҵзура алазырго адҵа: *112*19#

Аԥсны ашьапылампыл асра егьырҭ аспорт хкқәа рыҩныҵҟа аҭыԥ ҷыда ааннакылоит. Бзиа избо рхыԥхьаӡара ажәанызқьқәа акыр рҳәаа иҭыҵуеит. Убри инамаданы, Аилахәыра АҞӘАФОН ари аспорт хкы аҿиара активла ахы аланархәуеит, ацхыраарагьы анаҭоит.

2014 шықәса азы АҞӘАФОН аԥаратә хаҵгылара иҟанаҵаз иабзоураны имҩаԥган ашьапылампыл асразы аицлабрақәа ҩба. Мшаԥымзазы имҩаԥысит ашьапылампыл асразы Аԥсны Аҳәынҭқарра ашкол-интернатқәа рааӡамҭацәа рыбжьара Иаарту ачемпионат ахь V алхратә еиндаҭлара, уаҟа аиааира згаз  АҞӘАФОН ацхыраарала ицеит Санкт-Петербург имҩаԥысуаз  ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи ашьапылампыл асразы II Жәларбжьаратәи афестиваль «PETERSBURG CUP – 2014» ахь.

Лаҵарамзазы имҩаԥысит Аԥсни Урыстәылеи ақалақьқәа рыҟнытә акомандақәа злахәыз Ахрик Цәеиба ихьӡ зху ашьапылампыл асразы ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи  злахәыз IV Жәларбжьаратәи аиндаҭлара.

Ашьапылампыл асҩцәа ҿарацәа раԥхьаҟа ирзыԥшуп Аԥсны раԥхьатәи амобилтә оператор зхаҵгыло даҽа еицлабрак – «АҞӘАФОН акубок» азы ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи ашьапылампыл асразы реиндаҭлара.

Арҭ аспорттә ус хкқәа зегьы ззынархоу Аԥсны ашьапылампыл асра зҽазызкуа ирылоу аҟыбаҩ ҷыда аарԥшра ауп, урҭ рахьтә аӡәы илшаргьы ҟалоит Аԥсны ишахәҭоу еиԥш жәларбжьаратәи аспорт хкык аҿы ихьӡ рҳәо аҟалара.

 

ИАЕ «АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша