06-08-2014

АҞӘАФОН 4G – абиԥара ҿыц аимадара аӡыргара ду

news_name

АҞӘАФОН 4G – абиԥара ҿыц аимадара аӡыргара ду

Нанҳәамза 6  рзы Аилахәыра АҞӘАФОН аусура иаланаргоит абиԥара ҿыц аимадара 4G/LTE Аԥсны ақалақьқәа зегьы рҿы.

Иахьа иалагоит аамҭа ҿыц – АҞӘАФОН 4G/LTE аамҭа. Ҳара ҳзы ари ахҭыс аҵак ду амоуп. 4G иамоуп алшара амаҵзура ҿыцқәа рырҿиаразы, ҳара ҳабонентцәа ареспублика зегьы аҿы иара ирнаҭоит изыцҵоу алшарақәа.

Аилахәыра АҞӘАФОН даҽакы излеиԥшым ҷыдарас иамоуп амобилтә технологиақәа рырҿиара иазку адунеитә хырхарҭақәа рышьҭра иқәланы иааиԥмырҟьаӡакәа ацара.

Ателекоммуникациақәа рдунеитә џьармыкьаҿы астандарт 4G/LTE шцәырҵызҵәҟьа АҞӘАФОН атехникатә блок аспециалистцәа рҽазыркит атехнологиа ҿыц аҵара. Ари аусура иалҵшәахеит Аԥсны 4G/LTE аимадара аԥхьатәи атесттә ҭыжьымҭа.

Аилахәыра АҞӘАФОН абизнес ҩыза (партниор) ОАО «МегаФон» алархәны имҩаԥнагеит Аимадара 4G алшарақәа дырбара. II-тәи Аԥсуа Усуратә форум иҭагӡаны аԥышәаратә усурала адыррақәа рыҭара аласра 4G аимадараҿы аӡыргараан инаӡеит 70 Мбит/с. Аԥышәара мҩаԥган аибыҭамҭа Nokia Siemens Notwork  ала.

LTE аӡыргара Афорум аделегатцәа реиԥш агәаҳәара змаз зегьы рзы, жьҭаарамза 15, 16 рзы Аҟәа ақалақь аҿы, Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы  еиҿкаан ҷыдала аӡыргаратә аппаратурала иеиқәыршәаз амобилтә цәыргаратә павильион.

Анаҩсан, ари атехналогиа змоу акомпаниақәа рԥышәа ҵаны, иалагоит аимадара аларҵәареи азҵаахәи ирызкыз етаплатәи аусура иахьынӡазынаӡо атерриториаҿы 4G аусура алагара хықәкыс ишьҭыхны.

Абасала, иахьа Аилахәыра АҞӘАФОН иамоуп, жәаҳәарада, аиндаҭларатә ԥыжәара аимадара 4G/LTE Аԥсны ақалақьқәа зегьы рыхҩара.

Иахьатәи амш азы аилахәыра иаргылеит ахатә аоптоволоконнатә трасса, уи иарҭбаауеит Аинтернет-трафик адкылареи ашьҭреи рзы алшарақәа, ареспублика ақалақьқәа зегьы рҿынӡа зхаҭабзиара бзиоу анаӡара алнаршоит. 2014 шықәса нҵәаанӡа хықәкыс ишьҭыхуп аԥшьбатәи абиԥара аимадара ҳтәыла аиланхарҭақәа зегьы рыҟны инеиртә аҟаҵара.

4G атехнологиа АҞӘАФОН абонентцәа ирнаҭоит алшара «Амобилтә интернет» амаҵзура ахархәара 4G (LTE) аимадарақәа рҿы 70 Мбит/сек. аласра аманы, уи иулнаршоит авидео FuLL HD ахаҭабзиара агәаҭара, амультимедиатә контент ахҩылаара жәантәҟа рыла ирласны, 3G аимадараҿы аасҭа.

Аимадара АҞӘАФОН 4G азы гәыҩбара узымҭо ԥыжәараны иҟоуп уи атехнологиа fallback call ахьамоу, уи иулнаршоит 4G абжьытә еимадара амаҵзурақәа рхархәара, асрақәа рыдкылареи рымҩаԥгареи, иара убас SMS ашьҭреи аиуреи, ус анакәха 4G SIM-картақәа рхархәара амодемқәеи апланшетқәеи рыҟны еиԥш шәара шәысмартфонқәа рҟынгьы. (Агәҽанызаара! АҞӘАФОН аҟнытә аимадара 4G (LTE) иацхраауа асмартфонқәа рмодельқәа шәара цқьа иеилышәкаар шәылшоит абонентцәа Рмаҵзуратә Ҭыԥқәа рыҟны, иара убас Аимадаратә Центр аҟны 999 9999).

Аимадара 4G  аусура аларгара апроект иҭагӡаны, ҩымш, нанҳәамза 6-еи 7-еи рзы, Амҳаџьырқәа рыхьӡ зху амшын аԥшаҳәаҿы, имҩаԥгахеит АҞӘАФОН 4G (LTE) инарҭбааны аӡыргара. Ари ахҭыс аҵакы азгәаҭаны, авторцәа иаздырхиеит аӡыргаратә хәҭа абас еиԥш. Иҟалоит аимадара АҞӘАФОН 4G аусура аларгара иазку аофициалтә церемониа, уи дырбахоит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә телеканал ала ишиашоу ицо аефир аҿы, аинформациатә ҭыжьымҭа «Амшеикәшара» иҭагӡаны. Аусмҩаԥгатә ахьымҩаԥыргоз аҵакырадгьыл аҿы Аилахәыра еиҿнакааит арбаратә ҭыԥқәа, уаҟа асасцәа иеилыркаартә алшара рырҭеит 4G (LTE) атехнологиа аҟазшьарбагеи алшарақәеи, иара убас урҭ рхаҭагьы уи аԥышәарақәа рзышьақәыргылан, онлаин авидео HD ахаҭабзиара гәарҭоит, амультимедиатә контент иахьынӡарҭаху аус адыруеит. Иара убас ари аусмҩаԥгатә аҿы асацәа ирзыԥшуп арҿиаратә еицлабрақәа 4G-амодемқәеи апланшеттә компиутер Apple iPad Air рырхәмарра зцу.

Аусмҩаԥгатә актәи амш хыркәшахоит Александр Шоууеи иеицырдыруа Москватәи аклубқәа ируаку «Soho Rooms» ахаҭарнак  DJ AG-и (Аслан Гәлиеи) рықәгыларақәа.

Аусмҩаԥгатә анҵәамҭазы аныҳәатә феиерверк ҟалоит.

Аԥсны аимадара аԥшьбатәи абиԥара рҿио АҞӘАФОН хықәкыс иамоуп уи ахатә абонентцәа ареспублика ақалақьқәа зегьы рҟынтәи иҳараку ласрала Аинтернет ахь анеира рылшо аҟаҵара.

Нанҳәамза 7 инаркны Аилахәыра Амаҵзуратә Ҭыԥқәа зегьы рыҟны АҞӘАФОН абонентцәа ирылшоит 4G-амодемқәа раахәара, иара убас ирҿыцу ахәхшәааратә план «Сара салхымҭа 4G » аҿакра, уи иуднагалоит 4G-Аинтернет иҳаракӡоу аласра ала.

 

ИАЕ «АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша