31-07-2014

АҞӘАФОН ацхыраара рнаҭеит арепатриантцәа рҭаацәарақәа

news_name

АҞӘАФОН ацхыраара рнаҭеит арепатриантцәа рҭаацәарақәа

Ԥхынгәымза  31 рзы О. Беигәуаа ихьӡ зху аҳәаанырцәтәи аԥсуаа рҭоурых амузеи аҿы Аилахәыра АҞӘАФОН ахаҭарнакцәа ирԥылеит Шьамтәылеи, Аҷареи, )ырқәтәылеи рҟынтәи иааз арепатриантцәа 23 ҭаацәарақәа.

Аиԥылара хықәкы хадас иаман сынтәа ашкол ахь ицо ахәыҷқәа рҭаацәарақәа аматериалтә цхыраара рыҭара. Ари асоциалтә проект аԥшьгаҩцәас иҟалеит Аилахәыра АҞӘАФОН аусзуҩцәеи, урҭ еиқәышаҳаҭны ирыӡбеит Аилахәыра 11 шықәса ахыҵра азгәаҭара иазкны акорпоративтә усмҩаԥгатә аусмҩаԥгаразы иазоужьыз ахархәагақәа зегьы асоциалтә акциақәа ҩба рахь ирышьҭырц. Акциақәа руак аҩныҵҟа – ахархәагақәа рыхәҭак Украина ицо аибашьра иахҟьаны хыҵакырҭада инхаз ахәыҷқәа аматериалтә цхыраара рыҭара иазыркит. Ахархәагақәа егьи рыхәҭак – 230 000 мааҭ рырҭеит арепатриантцәа рҭаацәарақәа сынтәа актәи акласс ицо рхәыҷқәа иахәҭоу ашколтә маҭәарқәа рыла реиқәыршәаразы.

Акциа амҩаԥгара аҽны Аилахәыра АҞӘАФОН адиректор хада Алхас Иура-иԥа Аргәын хаҭала ирыдиныҳәалеит ишколхәыҷқәа хараны иҟаз ирзыԥшу раԥхьаҟатәи ахҭыс, ирзеиӷьеишьеит ақәҿиарақәеи аҭынч ԥсҭазаареи рҭоурыхтә ԥсадгьыл аҿы. Анаҩс АҞӘАФОН ахаҭарнакцәа аҭаацәарақәа зегьы ирырҭеит аматериалтә цхыраара зҭаз аконвертқәеи Аилахәыра акорпоративтә сувениртә аалыҵ амаҭәарқәеи.

Ԥхынгәымза  31 азы имҩаԥысыз акциа анагӡара алыршахеит арепатриациа иазку Аԥсны Ареспублика Аҳәынҭкомитет аусзуҩцәа русура абзоурала, урҭ еиқәдыршәеит Аилахәырахьгьы иаарышьҭит арепатриантцәа рҭаацәарақәа рсиа.

Зегьы раԥхьаҟа ирзыԥшуп аҵарашықәс ҿыц, раԥхьаӡа акәны ашкол ахь ицо амҳаџьырқәа рыхшара 23-ҩык Аԥснытәи аҵаҩцәа иаарылагылоит.

Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысит амҵәышәмпылтә турнир «Ахәыҷы имш». Ԥхынгәымза  17 инаркны 23-нӡа Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысуан 2000-2001 шықәсқәа рзы ииз аҷкәынцәеи аӡӷабцәеи рыбжьара амҵәышәмпыл азы Жәларбжьаратәи атурнир. Сынтәадагьы имҩаԥысхьо ари атурнир амҩаԥгара алыршахеит Аилахәыра АҞӘАФОН аспонсортә цхыраара абзоурала. Сынтәа ари атурнир рҽаладырхәит Аԥсны, Москва, Москватәи аобласть, Аладатәи Урыстәыла ақалақьқәа, Нхыҵ Кавказтәи ареспубликақәа, Приднестровие, Аладатәи Уаԥстәыла ркомандақәа.

Атурнир аиҿкаареи аӡбареи мҩаԥыргеит амҵәышәмпыл афедерациеи Аԥсны Ареспублика Ареспубликатә хәыҷтәы-рԥыстә спорт школи.

Атурнир ахыркәшара ашьҭахь аԥхьагылаҩцәа иранашьан акубокқәа, амедальқәа, зыхә ҳараку аҳамҭақәа, аицлабра иалахәыз  иранашьан аҳаҭыртә шәҟәқәа.

Амҵәышәымпыл атурнир ныҳәак еиԥш имҩаԥысит, уи ахәаԥшцәагьы алахәцәагьы ирнаҭеит агәалаҟазаара бзиа.

Атурнир амҩаԥгара ҳасабтә хадақәас иаман амҵәышәымпыл асра аӡыргара, иааиԥмырҟьаӡакәа  ахәыҷқәа аспорт аҽазыҟаҵарақәа радԥхьалара, аспорттә ҟазара аҳаракра, иара убас ажәларқәа рыбжьара аиҩызара арӷәӷәара.

Аилахәыра АҞӘАФОН аҿы ирыԥхьаӡоит, абас еиԥш иҟоу атурнирқәа ирыбзоураны амҵәышәымпыл асыҩцәа қәыԥшцәа рхы аадырԥшуеит, иара убас аӡәи аӡәи ирҿибаҵаауа даара ирацәоуп. Ишдыру еиԥш аспорт аҿы аицлабратә ԥышәа – аспортсмен ԥхьаҟатәи иқәҿиарақәа шьаҭас ирымоуп.

 

ИАЕ «АҞӘАФОН-GSM» адәныҟатәи аимадарақәа рыҟәша